Амалазонқәа – аҳәса-еибашьцәа аԥсуаа рҿы иаанрыжьыз ашьҭа

© Sputnik / Астанда АрдзинбаАбхазский национальный костюм. Модельер Мадина Чанба.
Абхазский национальный костюм. Модельер Мадина Чанба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Анапаҵаҩра
Изусҭцәадаз амалазонқәа, урҭ зхылҟьаз арбақәан, аҭоурых аҟны рыӡбахә зҳәо ҳәа акыр нхама, аԥсшәаҿы уи ажәа аҵакы еиқәханы иҟоума - абарҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара лҽазылшәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Абызшәаҿы машәырла иаанхо ҳәа ажәакгьы ыҟам. Урҭ зегьы игәцаракны урыцклаԥшыр, аҵакы ҵаула рыҵубаауеит. Аԥсуа мифологиаҿы еиқәымхаӡеит амалазонқәа ирызку ажәабжьқәа, аха иара ажәа "амалазон" аԥсуа бызшәаҿы еиқәхеит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа амалазонқәа ҳәа ззырҳәо ажәытәӡатәи абырзенцәа амазонкацәа ҳәа изышьҭаз ирхылҟьоуп ҳәа азгәеиҭоит афольклорист Сергеи Зыхәба.

Тамшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Хә-ҟазшьак аазырԥшуа: аԥҳәыс лроль аԥсуаа ртрадициатә культураҿы

Ажәытәӡатәи абырзенцәа рлегенда излаҳәо ала, амалазонқәа нхон Кавказ ашьхақәа рымҵани Азов амшыни рыбжьара. Дара ҳәсеибашьцәан, иӷәӷәақәан, иагьыԥшӡақәан. Иҟоуп аҵарауаа амазонкацәа фракиаа иреиуан, рышьаҭақәа аԥсуа-адыга етникатә дунеи иаларсуп ҳәа агәаанагара змоу.

Аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ишиҩуа ала, амалазонқәа ҳәа рыхьӡ ршьон аҳәса-ауахәамаусзуҩцәа (монашки), иара убас иҭынхадаха, уаҩ дызмамкәа иқәхаз аӡәы изы. Дара амазонкацәа Кавказ иҟан ҳәа раԥхьаӡа иалацәажәаз антикатәи аҭоурыхҭҵааҩ, агеограф Страбон иоуп. Уи излаиҩуаз ала, амазонкацәа шықәсык ахьтә жәамз ихандеиуан, адгьыл иқәаарыхуан, арахә-ашәахә рааӡон, лымкаалагьы аҽқәа.

Иара убас аҽқәа ирықәтәаны ишәарыцон, аибашьра рҽазыҟарҵон. Дара иныҟәыргон аибашьыга аиха, насгьы аҽыхьчага акәалӡы. Егьырҭ ҩымз ргәылацәа гаргареиааи дареи ҳәаас ирымаз ашьха ақәцә ахь ихалон, уаҟа еиқәшәон ахылҵ дроуразы. Урҭ ироуаз дыԥҳахар, рхазы даанрыжьуан, дԥахар – гаргареиаа дрырҭон, ма дыршьуан.

Аҵарауаҩ Артур Аншба амазонкацәа аԥсуа нарҭтә епос ишаныԥшыз азгәаҭо, иҩуеит Саҭанеи Гәашьеи нарҭаа рыхьчеи реиқәшәара аамҭа амазонкацәа "ргәылацәеи" дареи реиқәшәара аамҭа ишеиԥшу. Насгьы аепикатә ҳәамҭақәа рҿы иуԥыло амотив "исиааиуа ида аӡәы сышицымцо" амазонкацәа рыҟазшьа аныԥшуеит.

День флага  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Анцәахәқәеи амч лашьцеи: аԥҳәыс лхаҿра аарԥшышьа аԥсуа фольклор аҿы

Уи инаҷыдангьы, аԥсуа ҳәсақәа рмилаҭтә шәҵатәаҟны иуԥылоит "амазонка" - "амизанҵкы" ҳәа изышьҭаз аҽықәтәараан иршәырҵоз амаҭәа.

Аԥсуаа рҿы аҳәса ҽыбӷаҟазацәа маҷмызт, ахацәа реиԥш ишқәыԥшыз иҽыбӷаҟазацәахон. Иҟан иара убас акәадыр ҷыдагьы урҭ зынтәалоз. Ари ашәҵатәы ахархәара аман ҩажәатәи ашәышықәса азыбжанӡа. Иара аун, ахаҟынтә акалҭ аҟынӡа аԥхьа рҟьан, аҳәынҵәрақәа ҿан, аха еибадыркуаз хыхьтәиқәа заҵәык ракәын. Ачыҭ жәпа иалхны иҟаҵан. Ҳаамҭазы аҳәынҭқарратә музеи аҿы иубоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0