"Ракы", "ӡакы", "маҿак", "ԥсыӡак": ашәара-зара азырбо жәақәак

CC0 / / Рука
Рука  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2021
Анапаҵаҩра
Ашәара-зара азырбо ауаҩы имаха иадҳәалоу ажәақәак ртәы Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Аура-аҭбаара, ашәара-зара азырбо ажәақәа аԥсуа бызшәаҿы ауаҩы имаха-шьаха ианадҳәалоугьы ыҟоуп. Убас, аура азырбо акәны иҟоуп анапы.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Анапы ахьаҿаку ажәҩахыр инаркны анацәкьыс аҟынӡа, хәҭа – хәҭала ишоит: ракы, ӡакы, маҿак, ԥсыӡак, ӡакы, нацәкьыск… Арҭ ашәара-зара азырбо ажәа ҷыдақәа зхы иазырхәоз анапҟазацәа, ауасҭацәа ракәын. Дара иахьагьы ахархәара рымоуп. Ҳарзааҭгылап урҭ:

Рука ребенка - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Ахысганацәа, агәыбжьынацәа, аӡыгнацәа: ԥсышәала анацәкьарақәа рыхьӡқәа

Ракы - аҭаҷкәым инаркны амашьхәылҵ аҟынӡа ибжьоу аура иахьӡуп. Аԥш аныларҵо, аарыхра (аҽаҩра) анцәахәы Џаџа илашьапкуа, ажәла ҟьо "раки-ӡаки, раки-ӡаки, раки-ӡаки ҳаҭ" рҳәон ҳәа иҩуан ашәҟәыҩҩы, ажурналист Шьаликәа Камкьиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи" аҟны. Аџьа адбаланы, аҽаҩра бзиа умхырҭа ианҭуго, аԥш лапҟьақәа збалак ирҳәон: "…Ԥшӡала раки-ӡаки рынцәахәԥҳәыс иуаналшьаз узыҳалалхааит!" ҳәа. Даҽакала, аҽаҩра бзиа иунаҭаз алапҟьа - "ракы", "ракы иаҟароуп" азырҳәоит.

Ӡакы - анацәа дуи анацәкьыси ирыбжьанакыз аура иахьӡуп.

Раки ӡаки - ауаҩы инапы иаԥхьаҟа ианеиҵихлак, амашьхәылҵи анацәкьыси ирыбжьоу аура иазырҳәоит раки ӡаки.

Ԥсыӡак – анацәкьыс дуи ахысганацәеи ирыбжьаӡоу ауроуп.

Напышәара ма ҵәык абжа – ажәҩахыр инаркны анацәкьарақәа ахьхаҟәало аҟынӡа.

Ҵәык – уҩнапык уаԥхьаҟа ианеиҵухлак, ирыбжьанакыз аура иашәагоуп.

Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
"Аԥылса", "ашԥылса", "аԥылгыды": акәац жьыхәҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи

Аҭбаара акәзар, уи азырбо акәны иҟоуп анапы иахәҭаку анацәкьарақәа. Ажәлар рҟны ахархәара рымоуп "мацәк", "нацәхырҟәарак" уҳәа реиԥш иҟоу ажәақәа. Хшыҩзышьҭра рзаҳуп урҭгьы.

Мацәак//мацәк – анацәкьыс ашәагаа (мацәк, ҩ-мацәк, х-мацәк) рҳәоит.

Ҩ-мацәк – ҩ-нацәак рыҭбаара анарбоит (урысшәала иуҳәозар, "ширина двух сложенных пальцев").

Х-мацәк – х-нацәкьыск рыҭбаара убас иашьҭоуп.

Ԥшь-мацәк – ԥшь-нацәкьыск ршәагаа, рыҭбаара иахьӡуп, даҽакалагьы маҿак рҳәоит.

Хә-мацәк – хә-нацәак анеидукылалак ирыҭбаарахо иахьӡуп (урысшәала "ширина пяти сложенных пальцев")

Анацәхырҟәара – анацәхыԥ (анацәа ду) ахыцәқәеи ахаҟәаларҭеи рыбжьара нацәхырҟәарак ҳәа иашьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0