"Иԥасаны илаҵоу аҽаҩра еиҳа ибзиахоит": есхьари уи иацу азгәаҭарақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукВспашка земель в селе Багмаран
Вспашка земель в селе Багмаран - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Анапаҵаҩра
Адгьыл ақәаарыхра аҧсуаа рнапаҿы ианаарга аахижьҭеи идырҿиеит еиуеиҧшымыз азгәаҭарақәа, иарбақәан урҭ дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.

Аӡын ааԥын амҩа анаҭеит, макьанагьы инагӡаны ишоунамышьҭуа, аԥша хьшәашәақәа шанарсуагьы. Ахьшәашәарақәа шыҟоугьы, анхацәа адгьыл нап адыркуеит, ажәаны ишырҳәо еиԥш: "Аԥаса ахәы ыӡӡом, иԥасаны илаҵоу аҽаҩра еиҳа ибзиахоит, рацәак аамҭа ақәымшәаргьы, ԥыҭк ацәыҟалоит".

Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
"Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!" - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз

Адгьыл ақәаарыхра аԥсуаа рнапаҿы ианаарга аахижьҭеи идырҿиеит еиуеиԥшымыз азгәаҭарақәа адгьыл нап аркра аныманшәалоу иазкны, амш зеиԥшроу, аԥсабара ашьклаԥшрақәа рыла. Ааԥынтәи аусурақәа ауҭраҿы аума, амхаҿы аума ирылҵшәахоит аҽаҩра, убри аҟынтә уи ианаамҭоу нап аркра акраҵанакуеит. Аӡын анҵәамҭазы амшқәа макьанагьы ихьшәашәоуп, аха ааԥын алагамҭазтәи ақәа ашьацаагагоуп рҳәоит. "Ақәаԥсата ҳауаны иаауеит, убри амукәа, ацха зыҟалом" ҳәа рҳәоит анхацәа.

Амзақәа зегь раасҭа зхымҩаԥгашьа џьашьахәу хәажәкырамза иазкны идырҿиеит еиуеиԥшым аҳәамҭақәа. Иара аҵыхәтәантәи амшқәа есхьар ҳәа азырҳәоит. Есхьар амшқәа зыхҟьаз ҳәа еиҭарҳәоит абас:

Ақәоура - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2019
Ахьшәашәареи аԥхарреи ианырзеимакырҭоу, ма "Есхьар" амшқәа зыхҟьаз

"Ахьча ирахә иманы ашьха дцон. Март шьҭа ицоит, иқәҵраны иҟоуп. "Ааит, иубама, Март егьыузыҟамҵт, са суиааит. Шьҭа хымш роуп иҟоу!" - иҳәеит ахьча. Март аагәаан, апрель иаҳәоит хымш сыҭа ҳәа, апрель ианаҭеит, абри афымш, хымш март ақәҵра шагу, даҽа хымш апрель мшқәа. Фымш амшцәгьа ҟалеит: ақәа, аԥша, асы - зегь леит. Ахьча дықәхеит ирахәи иареи адәахьы дзымцо. Афатә рымаӡам, ирымам, ас иқәхеит, амш ҟамлеит. Даалаган, ацгәы наганы аҳаҭа иҭаиртәан, ирахә ахьааз инаган икнеиҳаит. Ацгәы хыхь иахҭакыз имбӷьаҭуаз, арахә рхы раҳан уи ишахәаԥшоз фымш рхыргеит. Абас ахьча даиааит гызмалрыла, ахьҭа даиааит", - аҳәоит аҳәамҭа.

Иазгәаҭатәуп ҳаамҭазы есхьар амшқәа ҳәа изышьҭоу ажәытә амзар ԥхьаӡарала мшаԥы жәиԥшь, жәохә, жәаф роуп изықәшәо. Абарҭ амшқәа рынахыс ахьҭақәа ықәҵны, аԥхарра ҟалоит ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Арҭ амшқәа ирызкны иҟоуп еиуеиԥшым азгәаҭарақәагьы аҽаҩрақәа зеиԥшрахо иазкны. Иааҳгап ҿырԥштәқәак:

  • "Ааԥын аԥсҭҳәа ахчылара хҭанакыр, ашәыр ҟалом, ишәҭыз абылуеит".
  • "Аҽаҩрадаӷьқәа анырацәоу – аарыхра ҟалоит, дара мшуп".
  • "Ашышкамс адгьылаҿ ианырацәоу, ашықәсан, насгьы иахьырацәоу аҭыԥ аҿ аарыхра ҟалоит".
  • "Арҵәыра хәаци ашышкамси рацәаны иахьамоу ҽаҩра дгьылуп".
  • "Ааԥын анаауа, заа иԥхарацәамхар – амаҵәха еиҿанакуеит, ашықәсан ашәыр ҟалоит. Иԥхарацәахар, иажьоит, заа ипытуеит, нас ахьҭа иԥхасҭанатәуеит".
  • "Дгьылс иҟоу жәҩануп. Адгьыл бзиеиԥшҵәҟьа, ианраамҭоу, ақәеи амреигьы аарыхра ҟарҵоит".
Ажәабжьқәа зегьы
0