Аԥсуа дамыӷақәеи ахҵарақәеи рзы ажәақәак: ажәытәтәи ахархәашьеи аҵаки

© Foto / Рауль Кобахьиа Тамга
Тамга  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа дамыӷақәеи ахҵарақәеи ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа дамыӷақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Иҟоуп ажәлантқәа рдыргеиԥш, қыҭак еицатәугьы. Иара жәлак аҿгьы еиуеиԥшым авариантқәа уԥылоит. Адамыӷақәа ирызку Шьалуа Иналиԥа иҭҵаара ишаҳәо ала, иҟоуп ижәытәу реиԥш, рацәак зхымҵуа адамыӷақәа. Урҭ иреиуоуп аҳ ижәла еиуаз рдамыӷақәа, ҭауади-аамысҭеи иртәыз, анхацәа зқәиҭыз адамыӷақәа. Арҭ адамыӷақәа амал, арахә-ашәахә рақәиҭреи реиламырҩашьареи ирызкәу дыргақәоуп. Урҭ илабҿабатәу информациатә дыргақәоуп ҳәа рзуҳәар ауеит.

Село Алакумхара - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2020
"Абхьӡуп жәлас иҟоу": ажәлақәа рцәырҵра азҵаарақәак афольклортә нҵамҭақәа рыла

Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп ашьамаҟа, аԥсаса рааӡараҿы ас еиԥш адыргақәа рыҭара. Урҭ ирымоуп аҭоурых дуӡӡа. Дара рыҟалара ауаажәларра рынхараҿы аиҭакрақәа рыҟалара иадырҳәалоит, лымкаала ауаԥшьқәа реиҿыҵра, ауаажәларратә классқәа рышьақәгылара, даҽакала иаармарианы иуҳәозар, "утәы-стәы" аҿиара. Аԥхьаӡа аџьаус аҽанаша, адгьылқәаарыхра хаз хкны ианыҟала, арахәааӡара хаз хкны ианыҟала инаркны, ахьчара занааҭс измаз ауаа ргәыԥқәа рырахә ахҵарақәа, аиламырҩашьагатә дыргақәа рнырҵо иалагеит.

Аԥсуа нарҭтә епос аҿгьы иаҳԥылоит ахҵарақәа рыӡбахә: "Урҭ (нарҭаа – Е. Ҭ.) рырхақәа рырахә ҳәырҭан. Руахьад, рыжә, руаса анын, имҩашьахуа рыхҵара рырахә ирнын".

Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2020
Аҭоурыхтә ҵакы аҭаны: Геннади Ҵәыџьба иргылаз абааш маҷ зызку еиҭеиҳәеит

Ажәар аҟны ишарбоу ала, ажәа "адамыӷ" ашьагәыҭ "ҭамӷа" атиурк-монгол бызшәақәа ирзеиԥшу ажәоуп. Уахьынтәи кавказтәи абызшәақәа ирылалеит ари ажәа, иаҳҳәап ҟабардаа ирҳәоит: "дамага", ашәуааи ачерқьезцәеи – "дамыӷа". Аԥсуа ажәа "ахҵара" еиҳа ижәытәуп "адамыӷа" аасҭа ҳәа ирыԥхьаӡоит аҵарауаа. Иҟоуп ахҵарақәа хы-хкык: алымҳа арҟьара, ахьасара, акылҵәара. Урҭ еицны иануԥылогьы ыҟоуп. Ас еиԥш иҟаз ахҵарақәа арахә рмырҩашьаразы адагьы алаԥш, ачымазарақәа рҟынтәи иахьчоит ҳәагьы иԥхьаӡан. Урҭ адыргақәа иԥшьоу ракәны, амагиатә мчы рымоуп ҳәа агәра ргон, асимволтә ҵакқәа рыман.

Аҵарауаа иара убасгьы иазгәарҭоит ахҵарақәеи адамыӷақәеи аҩреи аԥхьареи рыҟалара акультура иазааигәоуп, ирхылҿиааит ҳәа. Аԥхьатәи адамыӷақәа амра, ма амза асахьа иреиԥшны иҟаҵан. Аха дара есааира рҽырыԥсахуан. Иаҳҳәап Лоуаа рыжәла адамыӷа "Алу дамыӷ" ҳәагьы иашьҭоуп алу еиԥш игьежьны иахьыҟаҵаз азы, аха иара асахьа аԥхьаӡа амра агьежьышьа ала иҟаҵазар ҟаларын ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Фамильное моление в селе Джирхва - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2020
Аԥсуа динхаҵара иахәҭаку: Гәымбаа аижәлантәқәа рныҳәара

Аакьыскьатәи аамҭа иатәу адамыӷақәа рҿы арахә зтәу ижәла, ма ихьӡ злалаго анбан рынны иуԥылоит. Шьалуа Иналиԥа ишиҩуа ала, адамыӷатә дыргақәа зегьы рҟынтәи ижәытәӡоу ҳәа иԥхьаӡоу "алу дамыӷеи", даҽакала "аԥсуа дамыӷа" ҳәа изышьҭои (агьежь асахьа змоу), Ачаа рдамыӷеи ауп – уи асахьала анбан П аханы Т ықәыргыланы измоу сахьоуп. Абарҭ аҩба роуп анаҩс ицәырҵқәазгьы шьаҭас ирымоу, изхылҿиаауа.

Ажәлантә дамыӷақәа рнаҩсгьы, ахатәы, аҭаацәаратә дамыӷақәагьы уԥылоит. Аҭаацәаратә дамыӷа зку аҭаацәара аиҳабы иоуп. Адамыӷақәа хаз-хазы иаԥызҵаз ажәла дуқәа иреиуоуп аҳратәра змаз Ачаа, Чачаа, Иналаа, Ӡаԥшьаа, Аимхаа, Маршьанаа, Маанаа, Лакраа. Аҳратәра амч кәадахо ианалага анхацәагьы ишьҭырхит: Арышаа, Ҳагаа, Оҭраа, Бениаа, Гәниаа, Аираа, Бганаа, Амқәабаа уҳәа. Иахьа традициак аҳасабала ажәлантә дамыӷақәа зхазы иҟазҵо рацәахо иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0