"Нарҭаа рымпыл": аԥсуа жәлар рыхәмаррақәак ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукСкачки в селе Моква
Скачки в селе Моква  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рыхәмаррақәак ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Нарҭаа рҭаца данырга (аҵанаа рыԥҳа Зылха), иаалаган, чара руит, жәра руит. Шә-цәык ршьит. Урҭ ашә-цәык рцәа наганы рҭаца илырҭеит мпыл хәыҷык ҳзалх ҳәа. Лара абӷьааҳәа даақәгьежьын, шә-цәык рцәа неилаҵаны мпыл хәыҷык алылхит. <…> Нарҭаа ампыл анроу, рашҭа ду аҿы инеиҵыхны аимҵакьачара иалагеит. Урҭ еимҵакьачон акыр аамҭа даараӡа еидшыланы. Ашьҭахь аркьыл зкыз ампыл ианас, иууаӡа ажәҩан иалалеит. Ишлеиуаз Сасрыҟәа дааҵаххны икны ашҭа днықәлеит. Уаҩ дааизыбзиамхаӡакәа зны алада игеит, уахьынтәи даақәгьежьны аҩада игахит", – абас ҳаԥхьоит аԥсуа жәлар репос "Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәизежәҩык иара иашьцәеи" рҟны нарҭаа рымпыл злыхызи урҭ шыхәмаруази иазкны.

Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2017
Адгәыр Гәынба: иҭыуҵааша аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа акырӡа ирацәоуп

Аԥсыуала ахәмаррақәа аԥсуаа рҟны имаҷымкәа иҟоуп, урҭ зегьы еиқәымхеит умҳәозар. Урҭ рахьтә иҟоуп ахәыҷы хәмаррақәа реиԥш (қәрала иаҳа имаҷу ирыхәмаруа), ақәыԥшцәеи аҿарацәеи рыхәмаррақәагьы. Убарҭ иреиуоуп ампыл асра ахкқәа. Аиҳарак ас еиԥш ахәмарра дуқәа мҩаԥыргон аныҳәақәа, ачараурақәа раан. Ампылқәа злырхуаз ажә, ацә, ауаса, аџьма-цәа ракәын. Уи ӡыла ирбааӡо, ираҵәо-ираҵәо иркәымпылны иааҟарҵон. Убри акәын изысуазгьы.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ҳџьынџьуаа рҟынтәи ианиҵаз афольклор-етнографиатә нҵамҭақәа рҟны иаҳԥылоит хы-хкык ампыл асшьақәа ирызку анҵамҭа: "Аурасампыл" – аура зауроу еицеиҟараны иахьасуаз азы ус ахьӡырҵеит ҳџьынџьуаа рҿы, аҩбатәи – "Қьарампыл" – ашьаҟауаа роуп иасуа, "Аимҵакьача" еиԥшуп, ахԥатәи – "Ҩрампыл"– ампыл аӡәы иман дыҩны дцоит иара игәыԥ амба аганахь, егьырҭ дааныркыларц иаҿуп, иара иҩызак иахь иршәуеит. Убас еимдо инеиуа зымба иҭазыршәуа аиааира игоит.

Иазгәаҭатәуп аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа ахәыҷы иааӡараҿы, имаха-шьаха арӷәӷәараҿы, игәабзиаразы уҳәа аҵак ду аманы ишыҟоу. Аԥхьатәи ахәмаррақәа аибашьратә ҟазшьа аманы иҟан, аԥсуа жәлар рҳәамҭақәагьы уи ибзианы ианыԥшуеит, арҭ ахәмаррақәа рыла рымч аадырԥшуан. Иаҳҳәап, ус еиԥш иҟаз иреиуан аҳәаҟьара, аҵәы аршәра реиԥш иҟаз азыҟаҵарақәа.

Зегь раасҭа аԥсуаа рҿы ахархәара змоу ахәмарра "Аимҵакьачара" ауп. Иара ишыхәмаруа атәы ҳԥылоит Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ" аҟны. Ампыл ари ахәмарразы заанаҵы иҟазҵоз ҿыц иааргаз аҭаца лакәын (уи аҩыза ҳбоит хыхь иааҳгаз аҿырԥштәы нарҭаа репос аҿынтәи). Аԥҳәыс лзы ас еиԥш ауаса цәа иалхны ампыл аҟаҵара хьӡын. Лара ари ампыл аныҟалҵоз иагәылалҵон хьымаҭәак, аԥара. Аиааира згоз уи ҳамҭас ироуан. Аныҳәа дуқәа раан ари ахәмарра ихәмаруаз азыҟаҵара змаз ахацәа ракәын. "Аимҵакьачара" иахьагьы ахархәара амоуп.

Гәынба: амилаҭ хәмаррақәа аҿар рыбжьара аларҵәара аҭахуп, иӡыргатәуп

Аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рҟынтәи иҟоуп ҳаамҭазгьы ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҟны хархәара зуҭаша. Гәахәароуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы хәмаррақәак аицлабрақәа ирыланы иахьыҟалаз. Урҭ иреиуоуп аиҿкаара "Афырхы" еиҿнакаауа аицлабра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0