Аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа: ацала-аицала, мамзаргьы "цак еицызтәу"

© Sputnik / Томас ТхайцукФамильное моление Лейбавцев в селе Мгудзырхуа
Фамильное моление Лейбавцев в селе Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҭаацәара шьақәзыргыло аҭаацәаратә-еиуаратә еизыҟазаашьа иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҭаацәара шьақәзыргыло аҭаацәаратә-еиуаратә еизыҟазаашьа ауп. Аиуара аҩаӡарақәа еиуеиԥшымкәа ишыҟоу еиԥш, аизыҟазаашьақәагьы еиԥшым. Иаҳҳәап: ани ахшареи реизыҟазаашьа, аби аԥацәеи, аиашьара-аиаҳәшьара, анхәеи абхәеи аҭацацәеи, маҳәи бхәындеи, аицалацәа уҳәа. Иҟоуп еизааигәаӡоу аиуара зыбжьоу, иҟоуп иаҳа инаскьагоу, аха зегьы рҟны ихадароу апатуқәҵара, аихаҵгылара ауп.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2020
Аҭаацәаратә-бзазаратә қьабзқәа: амаҳә инашьҭра иазкны

Аиуацәа реизыҟазаашьа еихушар ауеит аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа ҳәа, избанзар "адәахьтәи" – асас данырҭоу, ма џьара ианыҟои, "аҩнуҵҟатәи" – рхала ианеизынхои еиԥшым. Ҭаацәарацыԥхьаӡа иқәныҟәоит рыҩнуҵҟатәи аиуара – абиԥара – аб ила аиашьара змоу, аҭаацәара ду, аҩн ду ҳәа иԥхьаӡоу аҟны, уаанӡа шҭак еицҭанхоз, қәабк аҟынтәи абысҭа еицызфоз. Ҳаамҭазы шҭак еицҭанхо аишьцәа иаҳа имаҷны иуԥылоит, аишьцәа хаз-хазы еиҿыҵны инхоит, аха аҩн ду урҭ еснагь еиднакылоит еиуеиԥшым аныҳәақәа раан, азеиԥш усқәа рҿы. Абиԥара иаҵанакуа аиуацәа убасҟак шьала-дала еизааигәоуп, аб иашьа иԥацәа, абду иашьа иԥацәа хазы терминла иарбаӡам, урҭ рзы аишьцәа, аиҳәшьцәа рҳәоит.

Аишьцәа ахьыҟоу аҭаацәараҿы ихадароуп аҭацацәа рроль. Атермин "аицала" иаанарԥшуеит аҭаацәара ду аҿы аҭацацәа рроль – "аицынхра" (атермин аӡбахә иҩуеит аҭоурых ҭҵаарадырҩы Шьалуа Иналиԥа), азеиԥш фатә аалыҵқәа рхылаԥшра, аиҳабацәа рҳәатәы ақәныҟәара, цҭәада анхара. Атермин "ацала"/"аицала" аҟны иааԥшуеит ажәа "аца" – аҭаацәара ихадароу рчысхәы зҭоу, абзазара зыдҳәалоу.

Аицалацәа реизыҟазаашьа шьақәгылоит еиҳабра-еиҵыбрала. Аицала еиҳабы ҳәа дыԥхьаӡоуп аиашьа еиҳабы иԥҳәыс, егьырҭ аҭацацәа раасҭагьы қәрала деиҵбызаргьы, лара деиҳабуп ҳәа дыԥхьаӡоуп, уи лыпатуқәҵашьа хазуп. Аҭацацәа еиҵбацәа уи лыхьӡгьы рҳәомызт, ҷыдала дырбон.

Абхазское село  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2019
Адгьыл аныҳәара: аҩны ҿыц аҟны анхара иалаго имҩаԥырго ақьабз

Аицала еиҳабы лакәзар, лыхәҭаахьала аиҵбацәа рзы дымҩақәҵаҩын уҳәар ауеит, лацалацәа дрыцхраауан, ирыҵалҳәон иахьаҭахыз, даҽаџьарах илырԥшӡон. Хҩык, ԥшьҩык аишьцәа ахьыҟоу аицалацәа еиҵбацәа еимакык рыбжьалар, аицала еиҳабы еинрылшәон.

Аԥсуа ҿаԥыцтә мифологиатә жәабжьқәа рҟны аицала еснагь ашьыцра злоу хаҿсахьаны даарԥшуп, аишьцәа еичлырчоит, аиҳаракгьы амал иахырҟьаны. Аха аҭаца ҟәыш еснагь хшыҩла даиааиуеит, убри аан лара лацала иҵоурам лхаҿгьы ӡырымгаӡакәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0