"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа

CC0 / / Грецкий орех
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Анапаҵаҩра
Абжьгара-лабжьаратә ҵакы знубаало аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы ажәаԥҟақәа аҭыԥ хатәра ааныркылоит. Ажәытә аамҭақәа раахыс урҭ рҿы цәыкәбар-цәыкәбарҵас рҽеиздыркәкәон ахшыҩҵак лыԥшаахқәа, нас урҭ ԥсаатәҵас иԥыруашәа, абиԥарак рахьынтә даҽа абиԥарак ирымадахон.

Дети играют на полу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2021
"Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз": ауаҩы иааӡара, иҟазшьа азырбо ажәақәак

Ажәаԥҟақәа аҟәыӷара, исахьарку аԥсуа ажәа, аҟазара ду иадыргоуп. Ирацәоуп рзуҳәар алшоит иганрацәалатәу аԥсҭазаараҿы, ацәгьеи абзиеи реилыргараҿы ухы шымҩаԥугаша, умҩақәызҵаша, ишиашоу абжьгара-лабжьаратә ҵакы зныԥшуа ажәаԥҟақәа. Ҳрызхьаԥшып урҭ.

Атәым хьурӡ иазыԥшуа – ихатә чуан ҷышәхом. Атәым мал иашьҭоу, зхала ак ҟазҵар, ак аазрыхырц зҭахым, ихатәы ҳәа акгьы иоуӡом, еснагь ауаа рнапы данԥшылалоит. Убри ҳаҵанаҳәоит иаагоу ажәаԥҟа.

Аамҭа иунаҭаз ахәра аамҭа иарӷьоит. Аамҭа бааԥсык азы узықәшәаз арыцҳара, азалымдара, агәаҟра ухазыршҭуа даҽа аамҭа бзиак уақәшәар, узынҟьа-узынԥаз зегьы ухашҭыр ауеит. Аамҭа иунаҭаз ахәра, аамҭа иарӷьоит рҳәоит, агәкажьра аҭахым.

Уаб дуапцәҳәызаргьы, уара ууапхәылдаз. Ауаҩы иани иаби уиаҟара инагамзаргьы, унеишь-уааишь ҳәа рарымҳәозаргьы, иара урҭ раҵкыс деиӷьхароуп. Даҽакала иуҳәозар, ахшара рани раби раҵкыс еиӷьхар шахәҭоу аныԥшуеит ажәаԥҟа.

Долгожители из абхазского села Джгерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2020
Дахьыҟоу ахыхәа, иҟалоит аԥсыхәа: алабжьара зныԥшуа аԥсуа жәаԥҟақәа

Уаб иҩыза данӷарха, маҵуҩыс думган. Ууа-уҭахы дӷархар, уигәҭамсын, ихәҭам ала уизымныҟәан, кыр улшозар – уицхраа, акәымзар, уиԥырхагамхан.

Уҭаҷкәым ураҵәаанӡа иззураҵәо уазхәыц. Ауаҩы уанизыҵҟьа, дзыхурҟьо, узизыҵҟьо удыруазароуп.

Ауаҩы уаниацәҳауа, дызлаунышәаша аҭыԥ ныжь. Угәааны ауаҩы иуҿашәо зегьы иоумҳәан, ахаан азы шәыгәқәа еицәыхьшәашәартә еиԥш уимацәажәан. Маҷк иадамхаргьы акы ианаужьроуп.

Аӡәы итәы иашьҭалаз иара итәы шатәхоит. Иутәым, уџьабаа здым, уус злам уашьҭалар, аиакәым уақәшәар алшоит.

Аӡәы ихан аҵкыс уара уқәацә. Аӡәы итәы иагьа ибзиазаргьы, ухатәы (ишыҟазаалакгьы) уара узы еиҳа еиӷьуп, игьамоуп.

Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп. Ауаҩы аџьабаа здимбалаз, иимааӡаз-иимыхьчаз агәыбылра изадӡам, иахьлакгьы усс икӡам.

Уаԥхьа икаҳауа уихымыччан. Уаԥхьа арыцҳара иақәшәо уихымыччан, уи арыцҳара мышкы зны уаргьы уаниар алшоит.

Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2020
Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи

Аӡәы уиазҵаа, аха ухатәы дыр. Аӡәгьы уиазҵаароуп, аха ухатә гәаанагарагьы умазароуп ҳәа ҳабжьнагоит жәлар ражәаԥҟа.

Изоуҳәо змаҳауа, уажәабжьгьы иаҭәоумшьан. Иуҳәо ззеилымкаауа, ихазымҵо, иазыӡырҩырцгьы зынӡа згәы иҭам уажәабжь имаумдан, ухы иҵаумҵан.

Бжьынтәы ишәаны знык иԥҟа. Иарбанзаалакгьы узлаго аус зны цқьа уазхәыцны, ишәа-иза напы ауркыроуп. Аԥсшәаҿы аԥшәмара аанызкылахьоу абри ажәаԥҟа шьахә аурысшәаҿы иҟоу ажәаԥҟа "Семь раз отмерь, один раз отрежь" иашьашәалоуп.

Ҵаҟатәи абӷьы анкашәо хыхьтәи ахымччароуп. Уаԥхьа ацәгьара, агәаҟра иақәшәо узимыцхрааргьы, уиԥырхагамхан, уихымыччан. Иудыруаз, агәаҟра-ацәгьара зегьы ирзеиԥшуп.

Абзиа иацлабыз мышкы ибеит. Ауаҩ ҟәыш, ауаҩ бзиа уиҿыԥшыр, абзиарахь укылнагоит.

Адагәара акәым ишәарҭоу – аҽырдагәароуп. Ауаҩы изымдыруа азы, илымшо азы акгьы узиаҳәом, аха идыруаны, имч ақәхоны иҟаимҵар ауп ихәарҭам. Убри аҩыза аҭагылазаашьа иарҿиеит зеиуахк аагоу ажәаԥҟа: "Адагәара акәым ишәарҭоу - аҽырдагәароуп".

Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2020
Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа

Аҟәџьал иҭоу амҳаҵә иадыруеит. Унапы злаку аус закәу, изеиԥшроу уара ишудыруа даҽаӡәы издырӡом, мамзаргьы иузааигәоу, иахьеи-уахеи узцу, узыдҳәалоу ауаҩы игәаҭа зеиԥшроу уара еиҳа ибзианы иудыруеит аанагоит.

Маӡала ицҳауа ала зегь реиҳа ишәарҭоуп. Угха уҿаҟны иуазҳәо, згәы иҭоу уцәызымӡо иеиҳа акгьы мҳәаӡакәа, угәуҽанӡамкәа, маӡала ацәгьа узиурц иушьҭоу дшәарҭоуп ҳәа ҳгәы ҳҽаннаҵоит ари ажәаԥҟа.

Алуҵәҟьагьы хаҳәуп, аха аҵәымаӷ ахәлашәар, ицагәуеит. Ауаҩы иага илшозаргьы, иага дыӷәӷәазаргьы, имч змырхо данақәшәалак, акгьы изыҟаҵом.

Мышныҟәа ахьуҭаху, хымш умҩаныфа шьҭых. Агәҽанызаара еснагь ибзиоуп, иумыхәозар иуԥырхагам. Амҩа уанықәло ибзианы уҽеиқәуршәароуп. Иҟалоит уусқәа зегьы уара ишуҭаху, уара ушрызхәыцуа иҟамлар.

Анышь иақәымтәац ажәҩа изаҵшьуам. Узышьцылам, зтәы узымдыруа аус акгьы узалхуам, уи атәы цқьа иуҵаанӡа, уи аҿы аԥышәа уоуаанӡа.

Аԥсы абзиа ихҳәаа, ма акгьы ихумҳәаан. Аԥсы иныӡбара ԥхашьароуп, иузҳәозар, абзиа ихҳәаа. Ианамуӡа, зынӡагьы уихымцәажәан.

Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2020
"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа

Аҳаҭхәыжә иҭоу умбакәа уахымыччан. Ауаҩы илоу умбакәа, дзакәу еилымкаакәа хыхь-хыхьла ихә умшьан ҳәа ҳабжьнагоит ажәаԥҟа.

Аҩыза дыԥшаа амҩа уанылаанӡа, агәыла – аҩны ургылаанӡа. Аҩыза бзиа уџьабаа ирмариоит, умҩа хара иркьаҿуеит, угәаҟра, угәырҩа ухаиршҭуеит – иуцеиҩишоит. Иара убас, ҭынч унхарц-унҵырц уҭахызар, нхарҭас иалухыз аҭыԥ аҿы гәылацәас иуоуа цқьа еилукаароуп. Уи акырӡа аҵанакуеит. "Не купи двора, а купи соседа" - аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа иашьашәалоу аурыс жәаԥҟагьы.

Ашхырцәаӷьҭра унапы ҭумшьын. Ишәарҭоу аус уҽалаумгалан, напы аумыркын, ухы ҭаумырхан аанагоит ҳәа иҳалабжьоит жәлар ражәаԥҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0