Даӷьрӡса, гәхарӡса, жәҩаҭых: аӡсашьа иадҳәалоу аԥсуа лексика иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукСоревнования "Run Swim Sukhum"
Соревнования Run Swim Sukhum - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалан аӡи уи иацу анхашәа – аԥсыӡкреи. Иахьагьы ари ахырхарҭа аҭыԥ ду ааннакылоит аԥсуа иԥсҭазаараҿы. Уи аҵак ду шамоу аадырԥшуеит аӡи амшыни ирыдҳәалоу абызшәатә лексикагьы. Абри дазааҭгылоит афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа аԥсуаа рынхашәа-нҵышәа, рыбзазара ирхылҿиааит. Ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, аханатә урҭ ауаҩы деибашьыҩны драаӡон, амч, аласра иларааӡон.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Убас, аԥсуа жәлар рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалан аӡи уи иацу анхашәеи – аԥсыӡкра. Иахьагьы ари ахырхарҭа аҭыԥ ду ааннакылоит аԥсуа иԥсҭазаараҿы. Ари анхашәа аҵакы ду шамоу аадырԥшуеит аӡи амшыни ирыдҳәалоу абызшәатә лексикагьы.

Аԥсыӡ иара убас иркуеит акаҭақәа рхархәарала. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2020
Аҵәгәыр иаҿашәеит: Аԥсны аԥсыӡ шыркуа

Аԥсуаа рыԥсыӡкышьеи рыӡсаратә ҟазареи ирызкны Торнау иҩуан абас еиԥш: "Аԥсуаа аԥсыӡкразы даараӡа иҟазоуп. Урҭ рымшын аҟәарақәа рҿы иуԥылоит хыԥхьаӡара рацәала амшынҳәақәа. Дара рыкразы урҭ амшын ихылоит анышьқәа рыла, аидара зыцраҳәоу акаҭа дуқәа амшын ихырҵоит аԥсыӡ акразы. Ас ала аԥсыӡкра шшәарҭоугьы, аԥсуаа уи иацәшәом, избанзар урҭ аӡсашьа бзианы ирдыруеит", - ҳәа.

Абызшәадырҩы Анатоли Хьециа аӡсара иадҳәалоу атерминқәа рҷыдара аԥсуа бызшәаҿы иазкны ииҩыз иусумҭаҿы иаагоуп абас еиԥш иҟоу ажәақәа, урҭ рдиалекттә еиԥшымзаарақәагьы арбаны:

  • адаӷьрӡса (абжьыуатәи адиалект) – даӷьрца (бзыԥтәи адиалект) – аспорттә ӡсаратә хкаҿы "брасс" ҳәа изышьҭоу;
  • жәҩаҭых/напҭҟьа (абжь.) – напҭых, ларӡса, ларӡсеиа (бзыԥ.) – урысшәала иуҳәозар, аригьы аспорттә аӡсаратә хкаҿы "кролль" ҳәа хьыӡшьарас иамоуп;
  • хиаала/гәхарӡса (абжь.) – бӷарӡса, еизқәырха (бзыԥ.) – ари азқәа иқәианы аӡсара хкы ауп;
  • варала аӡсара (абжь.) – ганрӡса, ганрца (бзыԥ.);
  • шьырӡса/шьарца – гәыԥҩык анеицыӡсо ("аестафетатә ӡсара").

Аӡсара аԥсуаа рҿы спорттә хкык аҳасабала ианымҩаԥырго аԥхынтәи аамҭазы иаарту амшын аҿы шакәугьы, егьырҭ аамҭақәа рзы уи азы (аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгарагьы налаҵаны) аспорттә ҭыԥқәа шыҟам ала, зегь акоуп ари ахкы ршьа-рда ишалоу убоит. Амшын еиқәеи хыԥхьаӡара рацәала аӡиасқәеи аӡыхьқәеи ирхықәынхало аԥсуаа ари аҟазара хкы рнапаҿы аамгашьа рымамызт, уи рыԥсҭазаара иахәҭакны иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0