"Хәаазаа нылабга": аԥсуа шәақьи уи ахәҭақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукОхота на перепела
Охота на перепела - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәақьи уи ахәҭақәеи, абџьар аныҟәгашьа, аҵәахышьа аԥҟарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Еилкаам иарбан аамҭоу ахысгатә бџьар егьырҭ абџьархкқәа ианраԥысыз. Аха аметаллургиеи атехникеи ҿио иалагацыԥхьаӡа, ахысгатә бџьарқәагьы цәырҵуа иалагеит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа абџьар рхаҭагьы ишыҟарҵоз еиԥш, ахәаахәҭратә мҩақәа аныҟала, абџьар аархәогьы иалагеит. Абџьари ауаҩи анеиҭнырыԥсахлозгьы аамҭа ыҟан. Традициала абџьар аныҟәгара аԥсуаа ишрымаз атәы арҵабыргуеит уи аибашьҩы иахьиваржуаз, иара иҽеиԥш.

Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.07.2021
Аԥсуаа рабџьархкқәак ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа

Ажәытә аахысгьы аԥсуаа рҟны иҟан абџьар аҟаҵара иазҟазаз, уи ахьи араӡни рыла идырцырцыруан, аиха иалхны иҟарҵон. Аԥсуаа рҟны абџьархкы аҿиара "аԥсуа шәақь" ацәырҵра иадҳәалоуп. Ашәақь еиԥш ашәақь-хәшәгьы ҟарҵо иалагеит.

Ашәақь-хәшәы шыҟарҵоз

Аԥсуа шәақь-хәшәы шыҟарҵоз атәы 1945 шықәсазы иҟаҵаз анҵамҭа аагоуп Баграт Шьынқәба еизигаз аԥсуа жәлар рҽаԥыцтә ҳәамҭақәеи ретнографиатә материалқәеи зну ашәҟәы "Ахьырҵәаҵәа" аҟны. Уа ишарбоу ала, аџьмеи ауасеи руац иахьбараз ҭыԥк аҿы, ақәа ахьамысуаз хышықәса ҳәа ирҵәахуан. Убри аамҭала ауац иалнаҳәон, аԥакәи еиԥш, ахышәҭ шкәакәаӡа. Убри аахыхны ачуанқәа ирҭажьны идыршуан акыраамҭа. Аӡы иалҵша зегьы алҵны ианшлак, ахәшәҟырҭаҿы инаганы аҭаҟәаҟәара иалагон. Нас убри иаларҵон аккара рацәа ххны. Ахацәа ас еиԥш ала аус анадырулалак ашьҭахь, аҳәса уи аҳаҟьа иқәҵаны ирхуан. Нас алыхәҭа икылырхуан. Иара убас уи атыҩша ххны иаларҵон. Абас ианырхәлак ашьҭахь ахәшә ҩ-хкыкны иҟалон: алыхәҭа гәӡеи алыхәҭа џьаџьеи рыла ихәыз. Алыхәҭа гәӡа ала икылхыз ахәшә реиҳа ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡан.

Аԥсуа хәшәы иара убас аҳаршьыл (ашьацхкы) иалхны иҟарҵон. Ахәшә ахьҭарҟәаҟәоз ахаҳә ԥшрала ихагьежьааны иҟаз хаҳә дуун, иара ацаҟьақәа рҟынтәи иԥшааны иааргон, агәҭа ахәшә ахьҭарыԥсоз, иахьырҟәаҟәоз агәаҩара аманы. Шьалуа Иналиԥа иусумҭа "Аԥсуаа" рҟны ишазгәеиҭоз ала, абри ахаҳә аҿы ауп ашыӡ ахьырлаҳәозгьы – алаҳәара ҳәа изышьҭоу.

Охота на перепела - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа

Ашәақь аныҟала ицәырҵит уи иацыз амаҭәахәқәагьы иара атерминқәагьы. Иаҳҳәап: ашәақь зҭарҵоз аҭра – аҭаҳәҭеи, акьаԥаҭра – ашәақь арыцқьага зҭарҵоз, ашҭҳара – ахәшәқәыԥсарҭа.

"Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа" рҳәоит аԥсуаа, абџьар ауаҩы ҳамҭас ианирҭогьы, "Хьӡы алоугааит!" рҳәоит. Аҷкәын иарԥысхарахь даниасуа инаркны абџьар аныҟәгашьагьы ирҵара иалагон аԥсуаа. Абџьар аныҟәгашьа, аҵәахышьа ахатәы ԥҟарақәа амоуп.

Аԥсуаа аибашьрақәа, ақәыларақәа лассы-лассы ишрылахәыз ала, абџьаргьы еснагь иныҟәыргон, ирыцын, аха уи шамаха баша-маша иҭдырҟьомызт, ахаҵара, ахьӡ арҳара иазкын. Знык ианхысгьы, рхымҭа камшәар акәын, убри аҟынтә ԥсыхәа анамаӡамыз ада хархәара арҭомызт, ачҳара, аҽынкылара рыман.

Иахьа иубоит абџьар ииашамкәа аныҟәгара иахҟьо амашәырқәа маҷымкәа. Уи иаанарԥшуеит абџьар аныҟәгара акультура ахьысҳара, иара убасгьы аҿар абџьар аныҟәгара рылааӡара аԥсыҽра. Анкьа уи аҭаацәарақәа рҿы аб, абду ракәызҭгьы аҷкәын илазааӡоз, иахьа уи ароль рхахьы иргоит ашколи арреи. Убри аҟнытә ари амаҭәарҵара иҵегь ашьҭыхра шаҭаху ҩашьом.

Ажәабжьқәа зегьы
0