"Быжьхык зхагылоу амаҭ – ашьыцра": ҳхаҭара ҵызшәаауа аҟазшьазы гәаанагарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Ашьыцра иазку лгәаанагарақәеи илаҳахьоу ҳәамҭақәаки ҳацеиҩылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа
Ауаҩи ауаҩи реизыҟазаашьақәа иуҳәа-иуӡа ииашыхәҵәаӡа, ԥықәсыларак рымаӡамкәа изыҟалом. Зны-зынла иуԥылоит ауаа реизыҟазаашьақәа наҟ-ааҟ ибыжьдоу, абыржәы-уажәшьҭан иԥҵәоит, уамаӡак ала иагьыԥҟьоит ззуҳәаша, ирххоу арахәыц-па ианаҩызоу. 
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Урҭ аизыҟазаашьақәа реибарххара хадаратәла ицәырыргоит шықәсырацәала ауаа ирыциз рцәаҩа ҟазшьақәа, рышьцылара бааԥсқәа.
Баша ирҳәом, ашьцылара бааԥсқәа идыршо ашаха иаҩызоуп, есааира иазҳауеит. Раԥхьа иласушәа ахы унарбоит, нас аидара узаҵымҵуа ухнарҵцаларатәы ихьанҭахоит.
Хымԥада, ҳашьцылара бааԥсқәа ҳхаҭара ҵыршәаауеит. Убарҭ ашьҵыларақәа ҟазшьакны ирылукаауеит ашьыцра. Ашьыцра ыӡуам, аламала иԥсуам. Амӷыш еиԥш ауаа ирылакьакьо, рыгәқәа архәанчо аԥсҭазаара иацзарц аҭахуп.
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2020
Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак
Аԥсуа литература аклассик Баграт Шьынқәба ацәаҩа ҟазшьа ашьыцра иазкны абас еиԥш иҩуан:
"Ашьыцра анцәырҵуа, иахьцәырҵуа заа адырра уадаҩӡоуп, быжь-хык зхагылоу амаҭ иеиԥшуп, хык ахыуцҟьаар, даҽа хык ахагылоит, убри аҟнытә, уи аҟазшьа аганахьала, есқьынагьы агәҽанызаара аҭахуп.
Ашьыцра ҵысыр алшоит анкы илыхшаз ҩыџьа аишьцәа рыбжьара, жәытә аахыс еидынхалоз, ацәгьеи-абзиеи ззеилаз аигәылацәа рыбжьара, уи ҵысыр алшоит ҩ-қыҭак, ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара".
Аԥсуаа ражәаҳәа иалаҵаны ирҳәалоит:
  • Ашьыцра агәы иачымазароуп.
  •  Ашьыц атәым насыԥ дарҩоит.
  • Ашьыцҩы ибз аԥсҭазаара аркьаҿуеит.
  • Ашьыц ҵабаа ԥгала иауам.
  • Ашьыц бааԥси маӡа ла-цҳаи.
  • Ашьыц бааԥс иргәаара мариоуп.
  • Аӡәы инасыԥ иаҵашьыцуа, иара днасыԥдахоит.
  • Иуеицәоу уихымыччан, иуеиӷьу дшьыцумган.
Ҿырԥштәыс иаагаз ҟәыӷарала еинҭәылоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа иҳаҵарҳәоит, ашьыцра шцәаҩатә ҟазшьа бааԥсу, уи мыцхәы излаҽыз ауаҩы хиррак дшақәымшәо, ахааназгьы гәҭынчреи насыԥи шимоуа ихы даиааины ашьыцра даҟәыҵаанӡа.
Ажәеи ажәеи еихысҳәаап.
Схәыҷрашықәсқәа исзынрыжьыз агәалашәарақәа ибырлашлыхха, икәалыкәаҷо ирылыԥхаауеит Ҭхьына ақыҭа инхоз сабду ԥсаҭа шкәакәа Ашьхаруа Жора ихаҿсахьа. Хәыҷи дуи рнаалашьа здыруаз сабду (азгә.сан лаб) хәылбыҽхак, иԥсы анеиҭеикуаз аамҭазы исзеиҭаиҳәеит ашьыцра иазкыз лакәк.
Луна  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2020
"Ацәгьа еснагь агәара икылыԥшуеит": ауаҩы дшьақәызҟьо иҵоурам мифтә хаҿсахьақәак
Анцәа иҟнытә, аамҭа рацәа шыбжьызхьоугьы, уи алакә шынеибаку исгәалашәоит, иара ишьҭыху атемагьы цәгьа ианаалоит.
Анкьаӡа зны Лади Ламшьаҵәи ҳәа нхацәак ыҟан. Даараӡа пату еиқәырҵон, анхара-нҵыра ргәы азҭан. Амала ишнеи-шнеиуаз аҟазшьа бааԥсқәа рылаҽит. Адгьыл рыԥсы азыцәгьахеит, ашьыцра ҵыргеит.
Аӡә иаасҭа егьи дбеиахар ҳәа дшәаны аҳәаақәа еимаркуан. Руаӡәк наҟ днахон, егьи арахь даахон. Изныкымкәан абри аӡбахәала аҭыӡшәа рылибаххьан, реиныршәаразы аӡәырҩы ауаа бжьалеит, аха зегь лыҵшәадан.
Аҵыхәтәан Ламшьаҵә ажәлар еизиган ус ҿааиҭит: "Ажәлар, шәхаҵкы, ҳҟыҟ-ҿыҟ акыр аџьа шәнарбахьеит. Шәааи шьҭа, абри аҭыӡшәа аҵыхәа ԥаҳҵәап. Уаҵәы ашьыжьымҭан дырҩеигьых абра ҳааизаны, иара адгьыл ахаҭа ҳазҵаап "узтәхарц уҭахыда"? - ҳәа. Иҳанаҳәо ҳбап!"
 Ладгьы ажәларгьы Ламшьаҵә ииҳәаз иазыразхеит.
Ашьыжьымҭан ажәлар еизаанӡа зыԥсы акы иамырҭәуаз Ламшьаҵә даалаган адгьыл жны иҷкәын дҭаиртәеит, нас уаҩы димбаратәы анышә наиқәиԥсеит.
 Игәы дынҭаччо аҩныҟагьы дхынҳәит.
Дук мырҵыкәа ажәлар еизеит.
Дети играют на полу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2021
"Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз": ауаҩы иааӡара, иҟазшьа азырбо ажәақәак
– Адгьыл, Лад иакәу Ламшьаҵә иакәу узтәхарц уҭаху? – ҳәа еизаз анҵаа, адгьыл аҵан ихәыҵатәаз аҷкәын: – Сара Ламшьаҵә ситәызарц сҭахуп! - ҳәа ҿааиҭит.
Ажәларгьы иахьарнахыс ари адгьыл Ламшьаҵә итәызааит рҳәан, досу рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит.
Зегьы анеимп, Ламшьаҵә дгәырӷьа-гәырӷьо иԥа дызҭатәаз ажра аимиртытаазар, дубар даахә, иԥазаҵә дцәышлампырхеит.
Аб иааирԥшыз ашьыцреи, аԥсымҭәреи аԥа ихьӡеит. Ирҳәоит, ашьыцреи аԥсымҭәреи збарц зҭахым Ламшьаҵә иԥа иахьа уажәраанӡагьы дцәышлампырны адгьыл дыҵоуп ҳәа.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0