АҞӘА, жьҭ 22 — Спутник Аԥсны. Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аминистрцәа рышьақәырӷәӷәаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп – Кьышьмариа Мираб Борис-иԥа
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп – Лолуа Рауль Валери-иԥа
Ақыҭанхамҩа аминистрс — Оҭырба Рафик Константин-иԥа
Аекономика аминистрс – Ачба Николаи Владимир-иԥа
Аҵарадырреи, анаукеи, аспори аҿартә политикеи рминистрс – Какоба Адгәыр Паата- иԥа
Акультреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхаразы аминистрс – Арсалиа Ельвира Анатоли-иԥҳа
Агәабзиарахьчара аминистрс – Гәынба Давид Дмитри-иԥа.