Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аҿы аӡыргара мҩаԥган

© Фото : Бадрак АвидзбаАԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аҿы аӡыргара мҩаԥган
Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аҿы аӡыргара мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абызшәа амчыбжь инақәыршәаны, Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аҿы имҩаԥысит аҵыхәтәантәи ҩышықәса аҩнуҵҟала имҩаԥыргаз аусқәа рылҵшәақәа еихызшьаало аизара

АҞӘА, жьҭ 28 – Спутник Аԥсны. Абызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд еиҿнакааз аизара далахәын Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Быҭәба. Иара убас, аметодистцәа, апедагогикатә институт аусзуаҩцәа, ахәыҷбаҳчақәа русзуаҩцәа, аҵарауаа.

 Афонд аиҳабы Гәында Кәыҵниа аӡыргараҿы еизаз ирзеиҭалҳәеит аҵыхәтәантәи ҩышықәса  иалагӡаны имҩаԥгаз аусқәа ртәы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аплакатқәа, алабҿабатә хархәагақәа, адискқәа, аудио, авидео материалқәа.

Гәында Кәыҵниа аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд ахырхарҭа хадақәа ишыруаку лҳәеит ахәыҷтәы сахьаркыратә литература аҭыжьра, амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рдублиаж аҟаҵара, ахәыҷбаҳча иҭоу ахәыҷқәа  абызшәа дырҵаразы ацхыраагӡақәа   реиқәыршәареи рҭыжьреи, арҵаҩцәа разыҟаҵаразы асеминартә тренингқәа рымҩаԥгара, ателехәаԥшратә урокқәа абызшәа ззымдыруа рзыҳәан аиҿкаара уҳәа: «Абызшәа ззымдыруа дырҵара еиуеиԥшым апроектқәа аҵанакуеит, абызшәа аҿиареи апропоганда азуреи ирызкуп урҭ» — азгәалҭеит уи.

Анаҩс, еизаз алацәажәон абызшәа арҵаразы афонд иҭнажьуа аметодикатә цхыраагӡақәеи, аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьеи рызҵаарақәа. 
Аметодист Альдона Ажьиба афонд иҭнажьуа ацхыраагӡатә литература хәарҭара ду шрылоу азгәаҭо, дазааҭгылеит иара убас иҟаҵатәугьы шырацәоу: «Ирацәоуп  теориала иҟоу аметодикақәа, аха практикалагьы идзырҵаша ыҟазар ауп».

Гәында Кәыҵниа абызшәа аԥеиԥш бзиа амазарц азы ихымԥадатәины дахәаԥшуеит, аԥсуа бызшәа арҵаразы ацентр аартра: «Иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа абызшәа арҵаразы ацентр аарттәуп, Аԥсны араионқәа зегь рҿы».

Аԥыза-министр Беслан Быҭәба иазгәеиҭеит, афонд аусураҿы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараан ахеидкылара шаҭаху, абызшәа арҵараҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо иазгәеиҭоит: «Ауаҩы ԥсыхәа имамзар, ауалафахәы имоур абызшәада, аусура имоур иаразнак иҵоит». Беслан Быҭәба адгылара ааирԥшит аԥсуа бызшәа арҵаразы ацентр аартра азҵаара, афонд иамоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы аиҳабыра ацхыраара аарԥшра ишазхиоу агәра диргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0