Имцу аинформациа аларҵәара аанкылахоит Аҳәынҭқарратә дума аӡбрала

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВирус-вымогатель атаковал IT-системы компаний в разных странах
Вирус-вымогатель атаковал IT-системы компаний в разных странах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри азы ииасыз ашықәс анҵәамҭазы азакәан апроект адепутатцәа ирыдигалеит асенатор Андреи Клишас.

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит имцу аинформациа аларҵәара азинҟамҵаразы азакәан апроект. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Азакәан азин ҟанаҵом ауаажәларратә ҵакы зманы иҟоу ажәабжь иҟаҵәҟьоушәа, аха убри аан иҟамкәа аларҵәара, аиҳаракгьы иара атәылауаа рыԥсҭазаара, ргәабзиаратә ҭагылазаашьа, рмазара иаԥырхагазар, ауаажәларратә еиҿкаареи ршәарҭадареи ҵнашәаауазар.

Афеик анаарԥшха Урыстәыла апрокурор хада ма ихаҭыԥуаа "Роскомнадзор" ахь азыҳәа нарышьҭыроуп арҭ аресурс-еилагаҩцәа рҟынтәи адырраура ԥкхарц азы.

"Роскомнадзор" акәзаргьы, иауалԥшьоуп хара имгакәа аҭыжьымҭа аредакциахь ииашам аинформациа ықәыргарц адырра аҟаҵара.

Убри аан ҷыдала иаԥҵоу аинформациатә система иазгәанаҭоит ардырра анышьҭу аамҭеи арыцхәи. Аҭыжьымҭа акәзар, абасеиԥш иҟоу ардырра анаиу ашьҭахьҵәҟьа аинформациа ықәнагароуп. Ус анакәымха "Роскомнадзор" аресурс аусура ааннакылар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0