Хәытаба: аспорт аҿиара аҳәынҭқарразы ихадоу хырхарҭоуп

© Sputnik / Артем Житенев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТренировка детской футбольной команды. Архивное фото.
Тренировка детской футбольной команды. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Баграт Хәытаба аҳәынҭқарра аҟны аспорт аҿиара Аплан адкылара маҷк шагу аспорт апроблемақәа дырзааҭгылеит.

Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Баграт Хәытаба аҳәынҭқарра аҟны аспорт аҿиара Аплан адкылара маҷк шагу аспорт апроблемақәа дырзааҭгылеит. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Бадраҟ Аҩӡба.

– Баграт Рашь-иԥа, иҳашәҳәа, иарбан проблемақәоу Аԥсны аспорт аҿиара иадҳәаланы Аплан аҟны иаарԥшу?

– Зеиқәыршәара иаҿу аспорт аҿиара иазку Аплан иахьазы зыӡбара аҭаху аспорт азҵаарақәа аныԥшуеит. Убри ааигәа азыҟаҵаҩцәа алархәны имҩаԥаҳгаз аиԥылара аҟны ҳалацәажәахьан. Аусеицура азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, аконцепциақәа рышьақәыргылара атәы ҳалацәажәеит, урҭ аспорт ҿиарц азы аусурақәа рымҩаԥгараҿы иҳацхраауеит. Уи азы аспорт аганахьала иҳамоу апроблемақәа ишаҭаху иаарԥшыны иҳамазароуп. Азыҟаҵаҩцәа иаадырԥшуеит азыҟаҵарақәа анымҩаԥырго аамҭазы изықәшәо апроблемақәа, урҭ аспорт аҿиара Аплан аҟны иҳарбарц азы. Уи адагьы ҳара ҳаспортсменцәа ҳҳәынҭқарра ахьӡ аҭыгара, ҳбираҟ шьҭыхны ақәгылара рылшартә еиԥш иҟаҳҵароуп. Уи апроблема аӡиудоистцәа ирыман, аха уажәшьҭа иӡбоуп.

Хәытаба: аспорт азы акомитет аусбарҭа алхтәуп - Sputnik Аҧсны
Баграт Хәытаба: аспорт азы аминистрра аԥҵатәуп

Ааигәа Москва сыҟан, Урыстәыла адӡиудо Афедерациа ахаҭарнакцәеи сареи ҳаиԥылеит,  аӡиудо азы Аԥсни Урыстәылеи рфедерациақәа рыбжьара аусеицуразы амеморандум анапаҵаҩра аӡбахә иалацәажәон.  Уи аиқәышаҳаҭра аҳәаа иҭагӡаны ҳаспортсменцәа Урыстәыла аицлабрақәа рҟны Аԥсны ахьӡала иқәгылалоит.

– Иарбан шьаҿақәо аспортсменцәа рааӡаразы Аплан аҟны иаарԥшызаауа?

– Иахьа ишьақәгылоу асистемала алҵшәа ҳаракқәа рыҟаҵара алшара ҳамаӡам. Атәылақәа зегьы рҿы аспорт аҳәынҭқарра аргылара аҟны хра злоу ак акәны иԥхьаӡоуп. Ҟарачы-Черкесски, Чечентәылеи, Ҟабарда-Балкариеи уҳәа егьырҭ Урыстәыла арегионқәеи ҳареи ҳабжьара аспорттә ԥышәара аимадаразы аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵоуп. Уи адагьы, ҳаспортсменцәа арҵара-зыҟаҵаратә еизгарақәа ирылахәхозар рыхәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит.
Аҳәынҭқаара аҟны амассатә спорт аиҿкааразы Аԥсны иаку аспорттә, азыҟаҵаратә база шьақәыргылатәуп.

–Аминистрра ахырхарҭа хада аҿаԥхьа иарбан иқәгыло  азҵаарақәа рҟынтә раԥхьаӡа акәны зыӡбаар аҭаху?

– Аусура алҵшәа бзиақәа алҳгарц азы, аспорт азы хазы ахылаԥшырҭақәа реиҿкаара аҭахуп. Ҳара ҳхырхарҭа хада – еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҟны игәылҭәаау акомандақәа реиҿкаара ауп. Уи азы аматериал-техникала ҳаибыҭазароуп. Рыцҳарас иҟалаз, макьана ус еиԥш алшарақәа ҳамаӡам. Шықәсыказтәи ҳбиуџьет 12 миллион мааҭ роуп иҟоу – уи даара имаҷуп. Аспорт хкқәа рхыԥхьаӡара 20 рҟынӡа инаӡоит урҭ аԥарақәа ухы иархәаны аспортсменцәа зегьы разыҟаҵара ҟалашьа амам. Сара акомитет хаәы иҟоу аусбарҭахь ианиагахо атәы ианҭкааны макьаана исызҳәаӡом, уи азҵаара аҟны аспорт аҿиара иадгылоу Аԥсны аиҳабыра рыӡбара сақәгәыӷуеит.

Ҳаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа шырацәоугьы, амилаҭтә спорт аҿиаразы аусурақәа ирыцаҳҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0