Акаратистцәа қәыԥшцәа ахьтәы медалқәа ҳзааргеит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКаратэ
Каратэ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи Афедералтә округ аҟны карате Киокусинкаи азы ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара мҩаԥысуан Волгоград жьҭаара 30 инаркны абҵара 2 рҟынӡа.

АҞӘА, абҵара 3, Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аладатәи Афедералтә округ аҟны карате Киокусинкаи азы 12-13 шықәса зхыҵуаз ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара Илиа Дочиа (40 кьыла), Наур Аџьынџьал (45 кьыла), Инал Ԥарцхалиа (45 кьыла), Асҭанда Аԥшьылааԥҳа (55 кьыла) иачемпионцәахеит. Абри атәы ҳзаанацҳаит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак.

"Ҳара даара ҳгәы иахәоит ҳаспортсменцәа рықәгылашьа. 40 кьыла  иҟаз аиндаҭлаҩцәа рыбжьара еиқәшәеит ҩыџьа ҳаспортсменцәа – уаанӡа егьырҭ рыгәҭа аиааира згақәаз. Ари иунарбоит ҳаспортсменцәа ҿарацәа азыҟаҵара бзиа шрымаз. Имҩаԥысыз атурнир иалнаршеит ҳазыҟаҵара аҩаӡара зеиԥшроу абара", — иҳәеит  карате Киокусинкаи Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа.

Араҟны медалқәа ранашьахеит 12-13 шықәса зхыҵуаз рыбжьара Леон Амҷба (40 кьыла),  Сабина Кәарҷиаԥҳа (45 кьыла), аџьаз иалху амедалқәа ранашьахеит Леон Ҷыҭанаа (65 кьыла), Резо Тҟьебучаа (50 кьыла), Мариа Смыкова (60 кьыла), Вартекс Нерсесиан (70 кьыла).

Зегь раасҭа икьаҿу еиқәԥарахеит аԥсуа спортсмен Илиа Дочиа иқәԥара. Иара быжь-секундк рыла илиршеит дзақәԥоз ииааира.

Аиндаҭларақәа ирылахәын 150 спортсмен, акомандақәа 6 ыҟан. Аԥснытәи акоманда иалахәын 9-ҩык карате асекциа ааӡамҭацәа. Атренерцәа: Витали Ҷыҭанаа (Аҟәа), Зураб Мурадиан (Очамчыра), Ҭимур Ҷыҭанаа (Агәыӡера). 

Ажәабжьқәа зегьы
0