Марадона аргентинатәи акоманда хәыда-ԥсада азыҟаҵара дақәшаҳаҭуп

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДиего Марадона
Диего Марадона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аргентинатәи ашьапылампылтә команда Урыстәыла имҩаԥысуа ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҟны афинал 1/8 аҟынӡа инаӡеит. Аҵыхәтәантәи рыхәмарраан 3:4 ҳәа иаҵахеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Еицырдыруа аргентинатәи ашьапылампыласыҩ Марадона аҳәамҭа ҟаиҵеит аргентинатәи акоманда хәыда-ԥсада азыҟаҵара дшақәшаҳаҭу азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара сазыхиоуп хәыда-ԥсада акоманда азыҟаҵара", — иҳәеит 57 шықәса зхыҵуа Марадона.

2010 шықәса рзы Марадона напхгара зиҭоз Аргентина акоманда адунеи ачемпионат ¼ аҟынӡа инаӡеит. Усҟан дара Германиа акоманда ираԥыргеит.

Амассатә-информациатә хархәагақәа иҟарҵо адыррақәа рыла, акоманда азыҟаҵаҩ хада Хорхе Сампаоли инапынҵақәа шьҭеиҵоит акоманда рыҩныҟа ианыхынҳәлак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0