Англиаа ркоманда ачемпионат афинал ахь анеира иақәгәыӷуеит

© Sputnik / Григорий СысоевСборная Англии по футболу
Сборная Англии по футболу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Англиа еизгоу акоманда афиналбжахь имнеицызт 1990 шықәса раахыс. Уажәы урҭ азыԥшуп афинал ахь анеира.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Англиатәи адәқьан дуқәа, ателеканалқәа, Уимблдонтәи атурнир – зегьы азыԥшуп Англиатәи акоманда афинал ахь инеип ҳәа аҩуеит Sputnik Латвия BBC ажәабжьқәа ҵаҵӷәыс иганы.

Футбол. ЧМ-2018. Матч Франция - Бельгия - Sputnik Аҧсны
Бельгиа актәи ахаҿқәа Трамп иԥылара аасҭа ашьапылампыл аԥыжәара арҭеит

Англиа ԥхынгәы 7 рзы 2:0 ҳәа Швециа иаиааины афиналбжахь инеиит. Ахәмарра иахәаԥшуан 20 миллион рҟынӡа ателехәаԥшцәа. Ԥхынгәы 11 рзы москватәи астадион "Лужники" аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Англиеи Хорватиеи ркомандақәа реиндаҭлара.

Англиа иҟоу адәқьан дуқәа Aldi; Lidl реиԥш иҟоу рҽазыҟарҵоит ԥхынгәы 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу афиналтә хәмарра. Дара аҳәамҭа ҟарҵеит Англиа афинал ахь инеир, рыдәқьанқәа асааҭ хԥа рзы ишадыркуа русзуҩцәа ателербагала ахәмарра ахәаԥшра рылшарц азы.

"Ашьапылампыл аҩныҟа ихынҳәуеит" рҳәоит дара.

Англа иҟоуп 700 рҟынӡа Aldi адәқьанқәа. Дара шамахамзар, асааҭ ԥшьба рзынӡа аус руеит.

Адәқьанқәа Lidl анапхгара акәзаргьы рыдәқьанқәа заанаҵы раркра аиқәшаҳаҭуп.

Lidl адәқьанқәа мҽышала асааҭ хәба рҟынӡа иаартуп.

Есышықәсатәи амузыкатә фестиваль British Summer Time festival аиҿкааҩцәа ирҳәеит иазыԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа аҽа мшык ахь ишахырго.

Уимблдонтәи атурнир ахацәа рыбжьара афинал арыцхә шеиҭанамгогьы иара ахәаԥшра инеиз азин рнаҭоит ателефонқәеи апланшетқәеи рыла ахәмарра иахәаԥшырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0