Дмитри Гәазаа еснагь еиԥш актәи аҭыԥ ааникылеит

Анапаҵаҩра
Mitjet 2L аверсиала Урыстәыла Ахраҿазы аиндаҭлара мҩаԥысит Нижни Новгород, нанҳәа 5рзы. Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа Ахраҿа ахԥатәи аетап аҟны аиааира игеит.

АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Mitjet 2L аверсиала Урыстәыла Ахраҿазы аиндаҭлара мҩаԥысит Нижни Новгород, нанҳәа 5 рзы. Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа Ахраҿа ахԥатәи аетап аҟны аиааира игеит.

Амашьынақәа рыла аиԥхныҩлара аҟынтәи ишиашоу ицо арбара мҩаԥысуан урыстәылатәи аспорттә телеканал "Матч! Наш спорт" аҿы.

Дмитрий Гвазава - Sputnik Аҧсны
Дмитри Гәазаа актәи аҭыԥ ааникылеит

"Аиндаҭлара акыр иуадаҩын, аха сара сымчқәа еизганы исылсыршеит аиааира", — иҳәеит актәи аикәшара ашьҭахь аспортсмен.

Аиндаҭлара аԥҟаррақәа рыла актәи аикәшараан актәи аҭыԥ згаз аҩбатәи аикәшараан аҵыхәтәантәи аҭыԥ аҟынтәи дыҵҟьоит. Ус шакәызгьы Дмитри актәи аҭыԥ ааникылеит.

Mitjet ахԥатәи аетап аихшьаалақәа рыла аҩбатәи аҭыԥ никылеит Михаил Макаровски, ахԥатәи аҭыԥ никылеит Антон Немкин.

Mitjet 2L асериа аларҵәара амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, США. Иара шьаҭеиркит франциатәи аспортсмен Жан-Филипп Даиро.

Урыстәыла Mitjet промоутерс иҟоуп – аилахәыра Arctic Energy.

Дмитри Гәазаа аилахәыра "Lukoil racing" акоманда ахьӡала ақәгылара далагеит 2018 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0