Аԥснытәи асамбистцәа қәҿиарала Шәача иқәгылеит

© Фото : Андрей ПогосовОткрытый краевой турнир по самбо на Кубок Губернатора в городе Сочи
Открытый краевой турнир по самбо на  Кубок Губернатора в городе Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь ахада Ихраҿа агаразы самбо азы иаарту атәылаҿацәтә турнир мҩаԥысит цәыббра 8 – 9 рзы. Атурнир иалахәын 2002-2004 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи асамбистцәа ҿарацәа ахьтәы медалқәа хәба ранашьахеит Шәача ақалақь аҟны ақалақь ахада Ихраҿа агаразы самбо азы иаарту атәылаҿацәтә турнир аҟны. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Саид Адлеиба.

Турнир по каратэ Open Abkhazia состоялся в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Карате азы атурнир "Open Abkhazia" мҩаԥысит Аҟәа

"Ҳаспортсменцәа акырынтә абри атурнири егьырҭ атурнирқәеи ирылахәхахьеит, амедалқәа ранаршьахьеит. Уажәазы ҳкоманда алахәылацәа зегьы ахьтәы медалқәа ргара иаԥсахеит", — иҳәеит иара.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, аԥснытәи аспортсменцәа атурнир аҽазыҟаҵара мҩаԥыргон Ԥсҳәы ақыҭан ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа.

"Ԥсҳәы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагон, нас Аҟәа. Атурнир даара хра змоу акоуп. Даара ҳаигәырӷьоит ҳаспортсменцәа иаадырԥшыз алҵшәақәа. Алахәылацәа рацәан, аха ҳара зегьы иреиӷьны ҳхы ааҳарԥшит", — иҳәеит Саид Адлеиба.

Атурнир иалахәын 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

Аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Валериа Ӷәынџьиаԥҳа, Лана Кәыҵниаԥҳа. Арԥарацәа рыбжьара — Денис Шарозиа, Сандро Адлеиба, Армен Малхасиан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0