Баҭал Чежьиа хынтә Урыстәыла иачемпионхахьоу диндаҭлараны дыҟоуп

© Foto / instagram/inal___lБатал Чежия
Батал Чежия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аспортсмен Баҭал Чежьиа ҩымзуп аҽазыҟаҵарақәа дырҿуижьҭеи. Иара Урыстәыла хынтә иачемпионхахьоу Константин Питернов диндаҭлараны дыҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа боксиор Баҭал Чежьиа Евразиа ачемпион, Урыстәыла хынтәтәи ачемпион Константин Питернов дицықәгылараны дыҟоуп Владимир ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҿы, жьҭаара 27 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзааицҳаит абоксиор иофициалтә хаҭарнак Инал Лагәлаа.

Батал Чежия - Sputnik Аҧсны
Апрофессионалтә бокс "Гладиатор" ахәылԥаз далахәхоит Баҭал Чежьиа

Аԥснытәи аспортсмен Баҭал Чежьиа азыҟаҵаҩцәа Арсени Бабиаки Андреи Ивичуки рнапхгарала ҩымзуп аҽазыҟаҵарақәа дырҿуижьҭеи.

"Сара сазыҟаҵара сгәы иахәо иҟоуп. Мышқәак аанхеит ақәгылараҟынӡа. Проблемак сыман избом. Сара сзы аиааира акраҵанакуа иҟоуп", — иҳәеит Чежьиа.

Баҭал Чежьиа апрофессионалтә ринг аҿы бжьынтә дықәгылахьеит. Ақәгыларақәа зегьы рҿы аиааира игоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0