Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалагоит абҵара 5 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукФинальный матч Кубка Абхазии по футболу
Финальный матч Кубка Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018-2019 шықәсқәа рзтәи ашьапылампыл азы Аԥсны XXVI ачемпионат аадыртуеит абҵара 5 рзы, иара иалахәхоит акомандақәа быжьба.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Изаамҭанытәиу ашьапылампыл азы Аԥсны XXVI ачемпионат абҵара 5 рзы ихацыркхоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа аиҳабы Џьума Кәарацхьелиа.

"Ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп х-еикәыршаракны. Абҵара 5 рзы иалагоит ашықәс анҵәамҭаз ихыркәшахоит актәи аикәшара, егьырҭ аҩба мҩаԥгахоит ааԥынразы", — ҳәа иҳәоит иара.

Иааидкыланы 81 хәмарра мҩаԥгахоит, урҭ рҟынтәи 21 — 2018 шықәса рзы.

"Ҳара иазыԥхьагәаҳҭон ачемпионат цәыббрамзазы ҳалагарц, аха афинанстә уадаҩрақәа ирыхҟьаны аамҭа ҳнахеит. Афинанстә уадаҩрақәа уажәгьы аҭыԥ рымоуп, аха афинансқәа рминистри сареи ҳаицәажәараан агәра сиргеит урҭ шыӡбахо ала. Лаҵарамзазаы Европа имҩаԥысраны иҟоуп ConIFA. Уахь ҳцаразгьы ацхыраара аҭаххоит", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Афедерациа аӡбрала 2018 шықәса инаркны Аԥсны ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп асистема ҭагалан-ааԥын ала.

2018-2019 шықәсқәа рзтәи ашьапылампыл азы Аԥсны XXVI ачемпионат аадыртуеит абҵара 5 рзы, иара иалахәхоит акомандақәа быжьба: "Афон", "Гагра", "Динамо", "Ерцахә", "Нарт" Аҟәа, "Риҵа" Гәдоуҭа, "Самырзаҟан".

Ажәабжьқәа зегьы
0