Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариаԥҳа Саида Гәынба лзы: зегь рыла еинаалаз аԥсуа ҭыԥҳа

© Sputnik / Томас ТхайцукЖанна Занҭариаԥҳа
Жанна Занҭариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 30 рзы лыԥсы ҭазҭгьы 60 шықәса лхыҵуазаарын атлетика лас азы аԥсуа спортсменка, аҵәы аршәразы 1980 ашықәсазтәи аолимпида араӡны амедал иаԥсахаз, ҩынтә Асовет Еидгыла иачемпионхахьаз Саида Гәынба. Еицырдыруа аԥсуа спортсмен арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дылгәалалыршәоит Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы Аспорт аҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.
Занҭариаԥҳа Саида Гәынба лзы: зегь рыла еинаалаз аԥсуа ҭыԥҳа

"Аибашьра анеилга ашьҭахь ларгьы саргьы аус еицаауан. Лҟазшьа даара ибзиан, лыпату бзиан. Зегь рыла еинаалаз аԥсуа ҭыԥҳа лакәын лара. Анаҩс, лан данычмазаҩха, аусура ааныжьны, Пицундаҟа дцеит. Аҭагылазаашьа шылцәыуадаҩыз ҳдыруан аҟнытә, илабжьаҳгеит лусура зынӡа иаанылмыжьразы, аха, зегь акоуп, илымуит. Иаарласны лан длыԥхеит, ларгьы ачымазара дамҽханакит",- ҳәа илгәалалыршәоит Занҭариаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0