Беслан Гәыблиа Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит

CC0 / / Футбольный мяч
Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны ҳтәыла ахьӡала иқәгылоит, иара еиҭашьақәыргылан 2012 шықәса, ԥхынҷкәын 4 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Беслан Гәыблиа Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит, абри атәы аинформациатә маҵзура Sputnik иазааицҳаит иара ихаҭа.

Гәыблиа аашықәса раахыс еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩс аус иуан.

Азыҟаҵаҩ ҿыц еиҭеиҳәеит уажәазы акоманда арҿыцра ишаҿу – аӡәы-ҩыџьа аԥышәа змоу аспортсменцәа аанхоит, егьырҭ ԥсаххоит ҳәа. Акандидатцәа заанаҵтәи рсиа аздырхиахьеит.

2016-2020 шықәсқәа рзы Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дыҟан Беслан Аџьынџьал, иара ари амаҵура аанижьит 2020 шықәсазы аҭаацәаратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны.

Уаанӡатәи азыҟаҵаҩ иусура ашықәсқәа рзы акоманда иаиуз аихьӡарақәа бзиоуп ҳәа ишьоит.

"Абри аамҭа иалагӡаны ҳкоманда ConIFA аверсиала зны адунеи иачемпионхеит, ҽазны араӡны иаԥсахеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны ҳтәыла ахьӡала иқәгылоит, иара еиҭашьақәыргылан 2012 шықәса, ԥхынҷкәын 4 рзы. Акоманда ФИФА, ма УЕФА иалам, аха аиҿкаара ConIFA иалахәуп. 2016 шықәса аԥхынразы Аԥсны имҩаԥысуан ConIFA аверсиала ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат, ари ачемпионат аҿы аԥсуа команда аиааира агеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0