Зегьы аҳамҭақәа ранашьан: Аҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир

© SputnikЧемпионат по боксу
Чемпионат по боксу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аспорт азҟаза Аинар Кәыҵниа игәалашәара иазкыз Абокс азы жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы.

АҞӘА, нанҳәа 31 авг – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иреиӷьу абоксиор ҳәа ахьӡ даԥсахеит Аҟәатәи аспортсмен Баграт Ҭаниа, атурнир алахәцәа зегьы ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә бӷьыцқәеи ранашьан. Абри атәы еиҭеиҳәеит Аинар Кәыҵниа игәалашәара иазкыз Абокс азы раԥхьатәи жәларбжьаратәи атурнир аиҿкааҩцәа ируаӡәку Баҭал Чежьиа.

Боксерские перчатки  - Sputnik Аҧсны
Абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа

"Атурнир бзианы имҩаԥысит, ҳара ҳҿы ари аҩыза атурнирқәа лассы-лассы иуԥылом, сара исгәалашәом абас аҩаӡара ҳаракны ааигәа ак мҩаԥысит ҳәа. Аиҳабыра рҟынтә асасцәа дуқәа ҳҭааит,  ахәаԥшцәагьы рацәаҩын", – иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи атурнир рхы аладырхәит 32-ҩык аспортсменцәа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтә.

"Абоксиорцәа зегьы ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә бӷьыцқәеи ранашьан, иара убас иҷыдоу аҳамҭақәагьы рыҭан", – ҳәа еиҭеиҳәеит Баҭал Ҷежьиа.

© SputnikАҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир
Зегьы аҳамҭақәа ранашьан: Аҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир

Атурнир аҟны иреиӷьу абоксиор ҳәа ахьӡ иаԥсахаз Аҟәатәи аспортсмен Баграт Ҭаниа инапаҿы ахраҿеи аԥаратә ҳамҭеи ирҭеит Аинар Кәыҵниа иҭаацәа. Иреиӷьу атехниказы аҳамҭа даԥсахеит Гәылрыԥшьтәи аспортсмен Карапет Елекчиан. Аиааира азықәԥаразы аҳамҭа ирҭеит Ерик Огониан, иара ари атурнир иҽалаирхәырц азы Шәачантә дааит.

"Аинар Кәыҵниа дызлақәгылоз акапантә категориа – 52 кьыла рҟынӡа – аҿы аҳамҭа ианашьан Аҟәатәи аспортсмен Нестор Џьанба. Атурнир аӡбаҩцәас иҟан Аԥснытәи, Урыстәылатәи аспециалистцәа, атурнир амаӡаныҟәгаҩс дыҟан Шәача ақалақь Абокс азы афедерациа амаӡаныҟәгаҩ Виолетта Смоленскаиа", – иҳәеит Чежьиа. 

Аицлабра еиҿыркааит Аинар Кәыҵниа иҩызцәа – Аҟәатәи абокс ашкол ааӡамҭацәа: Баҭал Чежьиа, Саид Смыр, Инал Лакашьиа, Митиа Ҩардан, Лаша Гумба, Леон Лашәриа, Иракли Ҵурҵумиа, Инал Лагәлаа. Атурнир аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорт школ.

Аинар Кәыҵниа (1996 – 2019) – абокс азы аспорт азҟаза, Аҟәеи Подольски ақалақьқәа рбокстә школқәа драаӡамҭан. Хыԥхьаӡара рацәала урыстәылазегьтәи, жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы аиааира игахьан, акырынтә Аԥсны ачемпионс дҟалахьан.

© SputnikАҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир
Зегьы аҳамҭақәа ранашьан: Аҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ихыркәшахеит абокс азы атурнир
Ажәабжьқәа зегьы
0