Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукФинал чемпионата Абхазии по футболу
Финал чемпионата Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, жьҭаара 25 рзы акомандақәа "Нарҭи" (Аҟәа) "Афони" (Афон Ҿыц) реиԥыларала имҩаԥысит ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҵыхәтәантәи ахәмарра.

АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит, ашьапылампылтә клуб "Афон" ианаиааи ашьҭахь ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампылазы Афедерациа ахада Витали Федоренко.

Аҟәатәи аклуб Афонҿыцтәи акоманда иаԥнагеит 3:0 ҳәа ашьапылампыл азы Ачемпионат аҵыхәтәантәи атур аҿы.

"Нарҭ" хымԥада аиааира аиур акәын, избанзар еиҭахарыла ма аҵахарыла ихәмарыр актәи аҭыԥ зауаз гәдоуҭатәи "Риҵа" акәхон. Убри азы акоманда аханатә аиааира ахы ақәкны иҟан", - ҳәа азгәеиҭеит Федоренко.

Актәи атаим 1:0 ҳәа "Нарҭ" аиааирала инҵәеит. Ахәмарра ахәбатәи аминуҭ аан ампыл амба иҭаиршәит Ҭемыр Агрба, иара аҽазныкгьы,  60-тәи аминуҭ азы ампыл ҭаиршәит. 71-тәи аминуҭ азы ахԥатәи ампыл амба иҭаиршәит Алан Кәыҵниа.

Аҩбатәи атаим аан аӡбаҩ аҟәатәи акоманда ахәмарыҩ Асҭамыр Џьынџьал далицеит. Абри ашьҭахь "Нарҭ" жәаҩыкны ихәмаруан.

"Ус шакәызгьы акоманда "Афон" иаԥнагеит, ҩ-мпылк амба иҭаршәын", - ҳәа иҳәеит Федоренко.

© Sputnik / Томас ТхайцукФинал чемпионата Абхазии по футболу
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит - Sputnik Аҧсны
Финал чемпионата Абхазии по футболу

Ачемпионат аихшьаалақәа рыла "араӡны" аиуит гәдоуҭатәи "Риҵа", ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит аҟәатәи акоманда "Динамо".

Ажәабжьқәа зегьы
0