Аԥсныҟа иааԥхьахоит урыстәылатәи атуроператорцәа

© Foto / официальный сайт г. ГаграГагра ақалақь аусбарҭа, архивтә фото.
Гагра ақалақь аусбарҭа, архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь ахада Беслан Барцыци Урыстәылатәи атуризм азы афедералтә хеилак ауаажәларратә еилазаара ахантәаҩы Дмитри Давыденкеи аԥснытәи "аџьармыкьа" ахь урыстәылатәи атуроператорцәа рааԥхьара амеханизмқәа ирылацәажәеит.

ГАГРА, мшԥ 17 — Sputnik, Саида Жьиба. Гагра ақалақь ахада Беслан Барцыци Урыстәылатәи атуризм азы афедералтә хеилак ауаажәларратә еилазаара ахантәаҩы Дмитри Давыденкеи иеиԥылеит ахәаша, мшаԥымза 17 Гагра ақалақь аусбарҭаҟны. Аиԥылараҟны Гагра ақалақь аԥсшьаратә сервис ашьҭыхра азҵаарақәа ирылацәажәон.

Гагра ақалақь ахада акурорттә ахатә традициа дуқәа шамоу азгәеиҭеит, иара убас иҳәеит Гагреи Пицундеи акурорттә сфераҟны раԥхьатәи аҭыԥ шааныркылоз. Иахьагьы акурортә усура – ақалақьтә ԥсҭазаараҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит ҳәа ациҵеит.

"Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа еиҳарак Урыстәылантәи ауп ишаауа, убри иабзоураны ихадоуп Урыстәылатәи атуризм азы ахеилакқәа аус рыцурра", – иҳәеит ақалақь ахада Беслан Барцыц.

Урыстәылатәи атуризм азы афедералтә хеилак ауаажәларратә еилазаара ахантәаҩы Дмитри Довыденко иажәақәа рыла, Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны радԥхьалара хақәкы хадас иамоуп, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа адунеитә стандартқәа ирышьашәало аҟаҵара.

"Атурпродукт ахь иаҵанаклоит аҳаирпланла, машьынала анеи-ааирақәа, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҟны анхара, аекскурссиақәа. Уи ала, акурорттә сервис аҩаӡара шьҭаҳхоит", – азгәеиҭеит Дмитри Давыденко.

Дмитри Довиденко ақалақь ахадара адкыларазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убас, иациҵеит алҵшәа бзиақәа зауа аусеицура дшақәгәыӷуа атәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0