Ахба: атуристтә поток аҽышьақәнаргылеит

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥаҩ Асҭамыр Ахба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ааигәа аҭыԥ змаз ахҭысқәа атуризм аусхк ишанырыз атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥаҩ Асҭамыр Ахба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ааигәа аҭыԥ змаз ахҭысқәа атуризм аусхк ишанырыз атәы. Атуристтә поток еиҭашьақәыргылоуп иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥаҩ Асҭамыр Ахба.

"ААР (МВД) аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа ҳҳәынҭқарра дырԥшӡоит уҳәар мцуп. Аха хаҭала атуризм атәы уалацәажәозар, араҟа аҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам. Шамахамзар арҭ ахҭысқәа ирыхҟьаны аӡәгьы дықәҵны дымцеит. Аԥсшьаҩцәа рзы иахәҭоу амаҵзурақәа мҩаԥаагоит. Иахьазы атәыла анапхгара аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит", — иҳәеит иара.

Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит аԥсшьаҩцәа рганахьала шәарҭарак ыҟаны ишыҟам.

Уаанӡа, аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

Ажәабжьқәа зегьы
0