Аалыҵ ҿыцқәа: атуризм аҿиаразы иатахны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукБотанический сад.
Ботанический сад. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз астол гьыжь аҟны иалацәажәан акультуреи атуризми русхк аҟны аусеицура.

Рада Ажьиԥҳа, Sputnik

Абыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз астол гьыжь аҟны иалацәажәан акультуреи атуризми русхк аҟны аусеицура. Урыстәылатәи аинвесторцәа Аԥсны атуризм аҿиара активла ралахәра иалнаршоит уи аусхк аҿиара, аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәара ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Урыстәылатәи аинвесторцәа рыдгыларала аусура иалагеит ҳаамҭа иақәшәо аԥхьарҭақәа: "Дельфин", "Алекс Бич", "Лазурный берег" вуҳәа иҵегьы. Аԥсны атуризм алшарақәа акырӡа ирацәоуп. Иахьазы аԥхынтәи асезон аан аплиажқәа рыбжакгьы ахархәара рыман иҟам", — иҳәеит иара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла атуризм аҿы алҵшәа бзиақәа раарԥшра уадаҩуп Урыстәыла ацхыраарада. Арахь иаҵанакуеит атранспорттә инфраструктура, автобустә парк арҿыцра, аӡымҩангагақәа рсистема арҿыцра уҳәа ирацәаны.

Аԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит - Sputnik Аҧсны
Цыбульски: аԥснытәи аҩқәа европатәиқәа ирацлабыр алшоит

"Аԥсны Аҳәынҭқаррахь атуристцәа раара аизырҳара алшоит атуристтә аалыҵ ҿыцқәа аԥҵо, аинфраструктура, акоммуникациақәа, аҳәаа ахысра уҳәа еиӷьтәны. Урыстәылатәи 100 атуроператорцәеи Аԥснытәи атуроператорцәеи аинырра рымоуп. Уи ҳәарада хра ҟанаҵоит атуриндустриа аҿиаразы", — иҳәеит астол гьыжь аҟны иқәгылаз Атуриндустриазы Урыстәылатәи ахеилак апрезидент Сергеи Шпилько.

Ахба игәаанагарала атуризм ааха ду анаҭеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьра.

"Аибашьра ашьҭахь еилаҟәаҟәан иаанхеит акурорттә обиектқәа. Уи иацлеит аекономикатә блокада аамҭақәа. 2000 шықәса рышьҭахь ауп раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа арахь иаауа ианалага", — иҳәеит Ахба.

Иахьазы Аԥсны аус руеит 250 ԥсшьарҭа ҭыԥ, 20 000 рҟынӡа шьҭаларҭа змоу. Аус ауеит ахатә сектор. Уаҟа ишазгәаҭоу ала 45 000 рҟынӡа шьҭаларҭаҭыԥ ыҟоуп. Иааидкыланы иуҳәозар асезон иалагӡан ара рыԥсы ршьар алшоит 700 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Астол гьыжь алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылаз ҭенгьиз Ҭарба далацәажәеит аӡынтәи атуризм.

"Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьа иалнаршоит ашықәс зегьы атуризм арҿиара. Ашьхараҟны амаршрут ҿыцқәа аусура иалагар ауеит. Арахь иаҵаркхар алшоит мраҭашәаратәи Аԥсны аиԥш мрагыларатәи ахәҭагьы", — иҳәеит Ҭарба.

Абыжьбатәи Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз астол гьыжь аҟны иалацәажәан акультуреи атуризми русхк аҟны аусеицура. Уи алахәылацәа иазгәарҭеит аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа шракәу иалзыршаз атуризм иахьа иамоу алшарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0