Гарцкьиа: амцҳәаҩцәа ирхырҟьаны аԥхасҭа зауз хәыда-ԥсада иҳадаҳкылоит

© Sputnik Томас ТхайцукАвтондал Гарцкия.
Автондал Гарцкия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирацәаҩуп 2018 шықәсазтәи акурорт сезон азы апутиовка ԥаршеиқәа зҭииз амцҳәаҩцәа.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аотельерцәа рахь аҳәара ҟаҵоуп амцҳәаҩцәа ирыхҟьаны апутиовка ԥаршеиқәа аазхәаз ауаа хәыда-ԥсада ирыдыркыларц иҳәеит Аҟәа имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

"Ари аҭагылазаашьаҿы ҳара хара шҳамамгьы, иҟалаз азы аполициа рахь ашәҟәы назышьҭыз ҳрыцхраарц иҳаҳәеит", — иҳәеит Гарцкьиа.

Гарцкьиа иазгәеиҭеит арҭ ауаа ргәызианра иахҟьеит, Аԥсны апутиовка ахәԥса лаҟәны ианрыдыргала иаархәеит ҳәа, аха иара убри аан аҳәынҭқарра аҭакԥхықәра ахахьы иагароуп ҳәа.

"Иацтәи аилатәараҿы атәыла Ахада азинхьчаратә органқәа адҵа риҭеит аҭел изласуаз ателефонқәа рномерқәа рыԥшаарц", — иҳәеит иара.

Заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла амцҳәаҩцәа 50 000 атуристцәа Аԥсны иалыргар, ареспублика миллиардк мааҭ рҟынӡа ацәыӡ аиуеит, иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0