АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Ҭаацәала аԥсшьаразы Аԥсны реиҳа еиӷьу х-хырхарҭак ирыҵанакит асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз адыррақәа рыла. Аҭҵаарақәа мҩаԥнагон аԥсшьараз анхарҭааҿаҵаратә сервис Tvil.ru.
Изызҵааз рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылеит Ҟрым - 57,89%, аҩбатәи Краснодартәи атәылаҿацә - 23,68%.
Аԥсныҟа аара иазыхиоуп 8,95% атуристцәа.
Зынӡа урыстәылатәи атуристцәа иалыркааит жә-хырхарҭак:
Алтаитәи атәылаҿацә, Башкириа, Калининградтәи аобласт, 1,05%
Уаанӡа Tvil.ru асаит аҿы иарбан Аԥсны еиҳа агәызцара змоу ахырхарҭақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит ҳәа.
Аҳәаанырцәуаа рзы Аԥсны аҳәаа лаҵара 15 рҟынӡа иаркуп акоронавирус апандемиа иахырҟьаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылауаа акоронавирус иацәыбналар рҭахуп Ҟрым, ма Аԥсныҟа раарала
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Гагра урыстәылатәи атуристцәа аԥхынразы заанаҵы аҭыԥқәа ахьҿарҵо ақалақьқәа жәаба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит заанаҵтәи аҿаҵараз амаҵзура отдыха Tvil.ru.
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан активла иҿарҵон аԥхынтәи аԥсшьарақәагьы. 10% рыла еиҳахеит ҭаацәала аԥсшьарақәа, 9% рыла – аԥсшьараамҭа, 18% – анхараз абжьаратә чек.
Гагра аԥсшьара алырхуеит ахәԥсақәа урыстәылатәи акурортқәа иахьреиҵо азы.
Заанаҵтәи аҿаҵарақәа рхырхарҭақәа 10 (шьыжьхьада хҩык рзы):
Уаанӡа Аԥсны атуризм аминистрра адырра ҟанаҵахьан аныҳәамшқәа ибзиаӡаны имҩаԥысит ҳәа. Убри аан Аԥсны иаҭааз атуристцәа реиҳараҩык Аҟәа ԥсшьарҭаҭыԥс иалырхит. Аҟәа ақалақь аҿы аномертә фонд 80% иҭәын.
Гәдоуҭа араион, хаҭала Афон Ҿыц аԥсшьарҭатә обиектқәа ҭәын 70%.
Аныҳәамшқәа раан атуристцәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ҳәа иалырхуан ачыс хаа, ирԥхоу аӡҭачы, аныҳәатә программа, аекскурсиатә маҵзурақәа роур ахьалшоз, иара убасгьы ақалақь агәы иахьазааигәаз аотельқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иаҭааз атуристцәа реиҳараҩык Аҟәа ԥсшьарҭаҭыԥс иалырхит
АҞӘА, ажьырныҳәа 12– Sputnik. Аԥсны иаҭааз атуристцәа реиҳараҩык Аҟәа ԥсшьарҭаҭыԥс иалырхит ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аҿы аномертә фонд 80% иҭәын.
"Аныҳәамшқәа раан атуристцәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ҳәа иалырхуан ачыс хаа, ирԥхоу аӡҭачы, аныҳәатә программа, аекскурсиатә маҵзурақәа роур ахьалшоз, иара убасгьы ақалақь агәы иахьазааигәаз аотельқәа", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Гәдоуҭа араион, хаҭала Афон Ҿыц аԥсшьарҭатә обиектқәа ҭәын 70%.
Аныҳәамшқәа раан Афонтәи аҳаԥы иаҭааит 10 737-ҩык, ииасыз ашықәс азы – 5 568-ҩык. Аԥаратә лагалагьы 5 миллионки 368 нызқьи 500 мааҭи 2 миллионки 784 нызқьмааҭи ҳәа еиҿырԥшуп.
Гагра араион аҿы аобиектқәа рыҭәра 65% инаӡеит.
Риҵатәи апарк иаҭааит 18,161-ҩык, амаҵзурақәа рыхәԥса иартәеит 6 миллионки 054 нызқьи 100 мааҭ.
"2020 шықәса рзы апарк иаҭааит абри аамҭазы 9,269-ҩык, ахашәала иартәеит 3 миллионки 062 нызқьи 150 мааҭ", - азгәарҭоит аусбарҭаҿы.
Уи адагьы арҭ амшқәа рзы аҭааҩцәа рацәан: Кындыӷтәи аӡыԥхарра, Кәыдрытәи аиҩхаа, Черниговка, Аҟармара, Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17-Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахоит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа).
Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.
Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.
Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.