Апроблемақәа иреиуоуп афымцалашара ахә амшәара. 25 шықәса раахыс ауал иартәеит миллиардки 800 миллион мааҭ.
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара 5−9% еиҳахеит. Афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам.
2021 шықәсазы ЕгрыГЕС аанкылараан Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагоит.
40 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 19 рзы Москва иаартын XXII Аолимпиатә хәмаррақәа. Арҭ ахәмаррақәа раԥхьаӡа акәны Мрагыларатәи Европа аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥгаз, иара убас раԥхьатәи Аолимпиатә хәмарра асоциалисттә тәылаҟны имҩаԥгаз ракәхеит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
17,5 нызқьҩык рыԥсадгьыл ду рхы ақәырҵеит.
Аԥсны иахьатәи амш азы 48-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәеи атыл аџьабаа азызбози нхоит.
Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.
Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны аҩныҵҟа авирустә инфекциа – акоронавирус змоу уаҩ дыҟам, аха аҿагыларатә уснагӡатәқәа ирҿуп. Иаԥҵоуп иҷыдоу аҭелтә еимадара, аубарҭабжьаратә штаб, Акоординациатә штаб, Гәылрыԥшьтәи ахәшәтәырҭа азыхиоуп акоронавирус злаҽу ӡәыр дҟалозар рыдкылара, иара убас Урыстәылантәи иааргеит атест-системақәеи, агуманитартә цхыраареи.
Хәажәкыра 14 инаркны Егры аҳәаа аркуп, иара убас аԥкрақәа алагалоуп Аԥсны-урыстәылеи рҳәааҿы.
Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа хәажәкыра 2 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит.
Хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Иахьазы имлашьуеит: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.
Амлашьратә акциа алахәылацәа дҵас иҟарҵоит акоррупциа иаҿагылоу ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ дара Апарламент ахь ишрыдыргалаз еиԥш ирыдыркыларц, аиҭакрақәа аламгалакәа. Иара убас дара ирҭахуп ари азакәан Аԥсны ахада иалхрақәа рҟынӡа ирыдыркыларц, акандидатцәагьы рхашәалахәқәеи, рныхымҭақәеи, рмазареи адекларациа рзырурц.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьырныҳәа 12 рзы ирыланаҳәеит хәажәкыра 22 алхрақәа ирымшны. Атәыла ахадаразы акандидатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара ҟалоит ажьырныҳәа 22 инаркны, алхрақәа 60 мшы шрыбжьоу.
Азакәан инақәыршәаны кандидатс рхы ықәдыргылар алшоит уаанӡа иқәгылаз реиԥш аҿыцқәагьы.
Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, иаҳхысыз атәыла ахада иалхра алҵшәақәа иашам ҳәа иԥхьаӡаны Аҟәа еизеит. Акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит. Зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит, ахыбра аҩналара рҽазыршәеит. Урҭ рыхәҭак ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит.
Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа азааигәара абна амца ацралеит асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы.
Ашьхараҿ абна амца шакыз гәаҭан абҵара 10 рзы. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан абри ашьҭахь.
Анаҩсан, АҶА адырра ҟарҵеит Урыстәыла АҶА ахь ацхыраара шырҭаху азы.
Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь.
Аԥсны ахада далырхуеит амҽыша, цәыббра 8 рзы. Алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны.
Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Аԥсны АКХ иаанацҳауеит атәылаҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 152 шыҟоу, атәыла анҭыҵ ҩба - Москвеи Черқьесски.
Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.
2019 шықәса рызтәи Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы. Уи иалахәын ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны алхрақәа ирылахәыз рахьтә зегь иреиҳахаз ахыԥхьаӡара - жәҩык акандидатцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы аҩбатәи атур аҟны иқәгылоуп ҩыџьа акандидатцәа - иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Атәыла ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны, иара дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩгьы. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәыргылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.
Зынӡа Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны.
Иара убас алхырҭатә ҭыԥқза аартуп Москва, Сҭамбыл, Черкесск.
Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасны адырра ҟаҵан аԥшьаша, ашьыжь асааҭ 6:40 рзы. Аҭыԥ аҿы аус руеит шәҩык инарзынаԥшуа амцарцәаҩцәеи жәаба инареиҳаны атехникеи. Ашкол аҟны аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.
Аԥсуа баагәара аҭҵааразы аекспедициатә усурақәа хыркәшахоит 2020 шықәса рзы.
Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара мҩаԥысуеит афонд "Амшра" ацхыраарала. Амаҵзура Sputnik официалтә информациатә партниоруп.
Аԥсуа баагәара (Кьылашәыртәи) аура 160 километра иҟоуп. Аргылара иалагоит Кьылашәыр аӡиас ахыҵхырҭаҟны, инаӡоит Игры аӡиас аҟынӡа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа, аӡынра - зықьҩык рҟынӡа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҳаирбаӷәаза аԥхасҭа ду аиуит. Уи акәша-мыкәша аминақәа шьҭаҵан. 1993 шықәса рзы иадыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.
Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 26 2019 шықәса рзы.
Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ. Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.
ConIFA аверсиала Европа ашьапылампыл азы ачемпионат аадыртуеит рашәара 1 азы ареспублика Арцах (Ашьха Ҟарабах – аред.), афинал мҩаԥгахоит Степанакерт рашәара 9 рзы.
Sputnik алаҳәара анапаҵаҩра шәылшоит