Алик Габниа иаҳәшьа Инга лгәымшәара атәы еиҭеиҳәоит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырԥҳәызба Инга Габниаԥҳа леибашьратә мҩа атәы ҳзеиҭеиҳәеит уи лашьа Алик Габниа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иаалырԥшыз агәымшәаразы Аԥсны Афырԥҳәызба ҳәа ахьӡ занашьоу Инга Габниаԥҳа аибашьра шалагаз Гәымсҭатәи амедико-санитартә гәыԥ далалоит.

Инга лҭаацәара аҟнытә Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын лаб, жәаф шықәса зхыҵуаз лашьа еиҵбы, насгьы лаҳәшьа еиҳабы.

Инга Габниаԥҳа аибашьцәа амедицинатә цхыраара арыҭара анаҩсангьы, лхаҭа абџьар кны аӷа диабашьуан.

Инга дҭахеит ԥхынгәымза 22 аҽны, аибашьра адәаҿы иаалырԥшыз агәымшәара азы, уи иланашьан Аԥсны Афырԥҳәызба ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Иаҳәшьа лгәымшәара атәы далацәажәеит Инга лашьа Алик Габниа.

"Абџьар бымкын, бхы ԥхьак ҳәа лоуҳәаргьы уҳәатәы хазҵоз лакәӡамызт, лгәы иҭалкыз ҟалымҵар лгәы иауамызт. Лара акыр деилҟьан, ҳаибашьцәа анырхәлак дцаны ирҳәазаны иаалгон, излалылшоз ала дрыцхраауан", — азгәеиҭеит Габниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0