Аҭрышба Ҭалиаҭ Лыхны аныҳәара шымҩаԥыргоз еиҭеиҳәеит

Анапаҵаҩра
Аҭрышба Ҭалиаҭ аԥсуаа традициала Лыхны имҩаԥыргоз аныҳәа ацашьа атәы еиҭеиҳәеит.

Аҭрышба Ҭалиаҭ Ҭырқәтәыла ақалақь хәыҷ Хендеқ иаҵанакуа ақыҭа Карачоқеқь деиуан, иԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы.

Аԥсуа егьырҭ дызлареиԥшым, дызлоудыруа иныҟәиго аҟазшьақәа рылоуп. Гәаҟра ахьибаз иҽаԥишьроуп, изеицәаӡазаргьы амц имҳәароуп, аиашара иԥсы ақәиҵароуп, иҿы иҭоу ҵабыргызароуп, ирласны  деиламшәароуп, ихы-иԥсы дақәиҭызароуп, аԥҳәыс тәымуаҩ димбароуп, аеҳәшьа леиԥш длыхәаԥшыроуп, иԥҳәыс пату лықәиҵароуп, ила адәныҟа иҟамзароуп, хәыхәын-ӡыхәын илымзароуп, аԥсуа дцәылашьшьы дымныҟәароуп, амаҵуразы дмаашьароуп, иқәшәаз ауаҩы дмаҷимшьароуп, иеиҳа злоу еиԥш дихәаԥшыроуп, иеиҳа здыруа дырзыӡырҩыроуп. Саԥсуоуп зҳәаз абарҭқәа наигӡароуп. Аԥсуара ус имариаӡам.

"Сара сымала акгьы шәасҳәаӡом, ажәытәқәа ирҿысҵааз ауп ишәасҳәо", иҳәеит Аҭрышба Ҭалиаҭ.

Ажәытә аԥсуаа Лыхны еизон. Уаҟа аизарақәа мҩаԥыргон. Аԥсны ахи аҵыхәеи аҳи аамсҭеи зегьы убра икылсуан.

 



 

Ажәабжьқәа зегьы
0