Корсаиа: Дырмит Гәлиа даниз амш, аԥсуа жәлар ҳзыҳәан ныҳәа мшуп

Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиа иаҳзеиҭалҳәеит ашәҟәыҩҩы иаԥҵамҭақәа аԥсуа литератураҿи, иара убас акультураҿи иааныркыло аҭыԥ даара акыр шаҵанакуа.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиа лажәақәа рыла, есшықәса имш ира аҽны, ихатәроу ашәҟәыҩҩцәеи, аҿарацәеи, аԥсуа аинтеллигенциеи, иара дрылагылоушәа иазгәарҭоит, имҩаԥыргоит алитературатә хәылԥазы. Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара даналҵ анаҩсан, иҟаз атрадициақәа ирыцҵо иахьагьы иааргоит.

"Дырмит Гәлиа иеиԥшу маҷуп, иҟаиҵаз даара ирацәоуп, аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа “Анбан“ аиқәыршәаҩ, рапҳьатәи аетнограф, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ “Аԥсны“ аредақтор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа даниз амш, аԥсуа жәлар ҳзыҳәан ныҳәа мшуп, акультурахь ацивилизациахь ҳназгаз, ихьыӡ акамыршәра ҳашьҭазар ауп", — ҳәа азгәалҭеит Корсаиа.


Ажәабжьқәа зегьы
0