Ченгьелиа: иҟасҵарц, иаԥысҵарц исҭаху макьана адунеи аазна ыҟоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа ирҿиаратә мҩеи, иахьа инапы злакуи, иаԥхьаҟатәи игәҭакқәеи дрылацәажәеит, иара изы еиҳау насыԥ ыҟам амузыка аԥҵара ада.

Аԥсны Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа иажәақәа рыла, иара изы еиҳау насыԥ ыҟам амузыка аԥҵара данаҿу.

"Амузыка иануҵартә еиԥш иҟоу жәеинраалак ансԥыхьашәалак, аусура напы анасырклакь, сара сзы еиҳау ԥсшьара ыҟаӡам. Схәыҷаахыс сдақәа ргыланы ашәаҳәара саҿын, ашәаҳәара ушьҭнаԥаауеит, иагьусуроуп, иагьыԥсыршьагоуп сар сзы", — ҳәа иҳәеит артист.

Акыр шықәса инеиԥанкылана арҿиара знапы алаку Кәасҭа Ченгьелиа иаԥиҵахьоу ашәақәа аԥсуа азыӡырҩцәа бзиа еицырбо иҟалеит.

"Иахьа, амилициа аусзуҩцәа раԥшьгарала, ааигәа напы асыркит ахьыӡрашәа (агимн) рзаԥҵара, ԥыҭк ашьҭахь амилициа аусзуҩцәа ашәа рҳәаратәы исырхиоит. Аҵыхәатәаны исыҩыз ашәа "Аԥсуа хаҵа" ахьӡуп, ажәақәа иҩҩит ажурналист Адгәыр Гәынба, даара ишьахәу шәаны иҟалоит, уамакала еинаалоит ажәақәеи амузыкеи. Ашәҟәыҩҩцәа зегь реиҳа исзааигәоу Теренти Ҷаниа иоуп, аҩызараҿи, арҿиараҿи уи ицназго аӡәгьы дыҟам,иаргьы саргьы 50-шәа ҳаҩхьеит. Аибашьра мацара иазку 60 шәа сравторуп, егьыс ҩышә-шәа аԥысҵахьеит, адискқәа акымкәа-ҩбамкәа иҭыҵхьеит. Ажәакала, иҟасҵарц, иаԥысҵарц исҭаху адунеи аазна ыҟоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит", — ҳәа иҳәеит акомпозитор.

Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор, адирежиор, арҵаҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху "Аибашьреи ашықәсынҵареи" апремиақәа алауреиат, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Кәасҭа Ченгьелиа хәажәкырамза 27 аҽны, иихыҵит 85 шықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0