Аизыразра акциа Аҟәа имҩаԥысит

Анапаҵаҩра
Аизыразра акциа аҟны иқәгылақәаз иреиуоуп аполитикатә партиа "Аинар" ахаҭарнак Гьаргь Габуниеи, адепутат Алмас Џьапуеи.

Аԥсны Жәлар Реизыра адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз имҩаԥган аизыразра акциа Аҟәа, мшаԥымза 18 аҽны.

Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз имҩаԥгаз аизыразра акциа ааиртит аполитикатә партиа "Аинар" ахаҭарнак  Гьаргь Габуниа.

"Иҟалаз ахҭыс агәҭынчымра ҳазцәырнагоит, зегьы ижәдыруеит Жәлар рдепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы иҟаҵаз аҽазышәара, ари зызкыз адепутат имацара иакәӡам, ари зызку аԥсуа жәлар зегьы ҳауп, ҳҳәынҭқарра ауп. Агәра ганы ҳаҟоуп, абасала ажәлар рыршәара акгьы шалымҵо, ас азҵаарақәа рыӡбара шыҟамло", — ҳәа иҳәеит Габуниа.

Аизыразра акциа аҟны иара убас дықәгылеит, адепутат Алмас Џьапуа.

"Иҟалаз ахҭыс сара хаҭала акгьы иадысҳәылом, уи аус аилыргара знапы иану амчрақәа роуп. Сколлегацәеи сареи ҳаиқәшәараҿ исҳәеит, ауаҭахқәеи еиҭамҵуа амали рыҭира ҳҳәынҭқарразы ихлымӡааххоит, уи ҟалашьа зқәым ауп иахьазы", — иҳәеит Џьапуа.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Алмас Џьапуа иҭархаразы аус ақәыӡбараз аизыразра акциа аҟны иқәгылеит арҿиаратә интеллигенциеи, аибашьра аветеранцәеи, еиуеиԥшым аполитикатәи ауаажәларратәи хеилакқәа рхаҭарнакцәеи.


Ажәабжьқәа зегьы
0