99 шықәса: "Аԥсны" аусзуҩцәа агазеҭ иахьатәи аԥсҭазаашьа ҳдырбеит

Анапаҵаҩра
1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер.

Жәабран 27 аԥсуа милаҭтә газеҭ раԥхьатәи аномер анҭыҵыз амш аҽны Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны иԥхьаӡоуп.

Иахьа агазеҭ "Аԥсны" ҭыҵеит мчыбжьык ахь ҩынтә, атираж 1000 цыра ыҟоуп, урҭ рахьтә 600 ма 700 араионқәеи ақалақьқәеи илырҩаауеит.

Агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Енвер Ажьиба иажәақәа рыла, агазеҭ аԥхьаҟа иазышьҭоуп имаҷымкәа аинтерес зҵоу апрект дуқәа.

"Аԥсны" – ԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп. 1921 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иҭыҵуан, аштат аҟны  22-ҩык аусзуҩцәа аман. Асовет аамҭазы 42-ҩык аусзуҩцәа змаз агазеҭ "Аԥсны", атираж 15-16 нызқь рҟынӡа инаӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0