Ааԥсара ззымдыруа анхаҩы: Раҳми Арӡынба икәтааӡарҭа

Анапаҵаҩра
Раҳми Арӡынба Ачадара ақыҭаҿ дынхоит, уи анхамҩа иазҿлымҳау уаҩуп, инапгьы акәтааӡара иалакуп.

Раҳми Арӡынба иҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа даныхынҳә нхарҭа ҭыԥс иалихит Аҟәа араион Ачадара ақыҭа. Раԥхьа иара амашьына ныҟәицон, еиуеиԥшым атауарқәа рыҭира инапы алакын, аха анаҩс иҽазикит акәтқәа рааӡара.

Хышықәса раԥхьа иара ҩажәа кәти рбаӷьи ааихәеит, урҭ ҿио иалагеит, уи нахыс иӡбеит ари аус ирҭбаарц. Иааихәеит ҩышә цыра хызхуа аинкубатор, анаҩс зықь цыра. Иахьа иара инҵаны имоуп зқьы инеиҳаны акәтқәеи арбаӷьқәеи.

Раҳми Арӡынба иажәақәа рыла, ауаҩы дмаашьар ихы еснагь иныҟәигоит, длафныгьы иҳәоит аашьаҩ изы акрыфарагьы уадаҩуп. Раҳми Арӡынба 71 шықәса ихыҵуеит, аха иқәра дахамшаакәа ашьыжь дгыланы икәтқәа акрырҿеиҵоит дырхылаԥшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0