Иԥшьоу ача, аҳамӷә, аџьмашьтәа: Леиаа рныҳәара шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Есышықәса Амшаԥы иашьҭааиуа абыжьбатәи ахашазы имҩаԥыргоит Леиаа рныҳәа. Аныҳәа шымҩаԥысыз шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik иҟанаҵаз авидеонҵамҭаҟны.

Есышықәса Амшаԥы иашьҭааиуа абыжьбатәи ахашазы имҩаԥыргоит Леиаа рныҳәа. Аныҳәаҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит ачакәаҳацәа быжьҩыки аныхаԥааҩи. Иԥшьоу ача зқәырӡуа аҳамӷә зыҩнаҭаҿы иҟоу иҿоуп аныҳәа ахьымҩаԥырго. Аҳамӷә иацуп ачакәаҳацәа рзы иршьуа аӡыс зҭаржәуа ақәаби изыхныҳәо аҩы зларжәуа ачаҟәеи.

Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу

Аныҳәарҭа аҭыԥ аџьҵлақәа рымҵан иҟаҵоуп. Уи иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп. Уахь хаҵамзар аԥҳәыс днеир ҟалаӡом. Аҭыԥ ахь раԥхьаӡакәны инарго ахәыҷқәа хазы аԥҳәыс еиҳабы илныҳәоит.

Ашьтәақәа ршьуеит ҩба, аха аныхаԥааҩ дзыхныҳәо акоуп. Уи аԥсы шҭоу дахныҳәаны, нас арӷьа шьапы ианкны аҵлаҿы икнаҳаны ишьуеит. Хазы аныҳәарҭа амаҵ азызуа ачакәаҳацәа быжьҩык дрықәныҳәоит аҩны. Урҭ иалкаау аҭыԥ рымоуп ари аныҳәаҿы.

Ача анмазеихалак, аҳамӷә аҿы шкәакәак нақәыршәны ашәа ҳәо аҭыԥ ахь ихаргалоит. Уаҟа аныхаԥааҩ агәи агәаҵәеи дахныҳәоит, агьама ибоит, егьырҭгьы уи агьама дирбоит, ачагьы ԥҟаны досу рыхәҭаа рфоит.

Аҭыԥ аҟынтәи акы угар ҟалаӡом, иаанхо уа ижны анышә аҿы иҟарҵоит. Ахацәа ахьа абыӷьқәа ирықәтәаны акрырфоит. Абысҭа досу рыҩнаҭаҟынтәи заа иуны инаргоит хԥа-ԥшьба ҿахра. Абысҭа, акәац, аџьыкхыш, аҩы заҵәык ауп изыдтәало. Аҳәса ачеи акәаци агьама рбар ҟалаӡом.

Мгәыӡырхәа ақыҭан имҩаԥысыз Леиаа рныҳәара иазку афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥш абра>>

Асааҭ жәаҩа рахь (уахынлан) ианнеилак, аҳамӷә аашьҭыхны, ашәа ҳәо ҳаԥхьа зыҟны имҩаԥырго иҩнаҭахьы иргоит, ҳаԥхьа уажәаанынӡа иара иҿы исасуеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0