Аҟазара злоу рыԥшааразы: авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аҿар рыбжьара авокалтә еиндаҭлара "Абжьы зхоу" аԥхьатәи амш азы алахәылацәа аԥсышәала ашәа рҳәон. Аҩбатәи амш азы аҳәаанырцәтәи ашәақәа нарыгӡеит. Аконцерт хада мҩаԥысит рашәара 26 рзы. Еиндаҭлон 16 –ҩык алахәылацәа, 9 - 16 шықәса зхыҵуа.

Ҩ -гәыԥкны қәрала еихшаз анагӡаҩцәа рҟынтәи иалкаан хҩык-хҩык ашәаҳәаҩцәа. Аиҳабыратә гәыԥ аҿы актәи аҭыԥ нылкылеит Очамчыратәи ашәаҳәаҩ Валериа Ԥерцхелиаԥҳа, аҩбатәи аҭыԥ - Леван Пхалаӡе, ахԥатәи - Николь Анқәабԥҳа. Аиҵбыратә гәыԥ аҿы актәи аҭыԥ нылкылеит Валериа Кетиаԥҳа, аҩбатәи - Алан Кархалаа, ахԥатәи -  Алиса Быҭәԥҳа. Ахәаԥшыҩцәа раԥхьахә ланашьахеит Рада Кәыҵниаԥҳа.

Актәи аҭыԥқәа зауз анагӡаҩцәа ироуеит алшара рхатә клипқәа ҭрыжьрацы.

Ажәабжьқәа зегьы
0