"Хәба ҳцеит!": Sputnik Аԥсны раԥхьатәи аиубилеи

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны раԥхьаӡа акәны онлаин ахь ицәырҵит ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәсазы. Сынтәа уи иазгәанаҭоит раԥхьатәи аиубилеи – хәышықәса ахыҵра.

Sputnik аиубилеи азы аԥхьаҩцәа рзы иармазеит аинформагентра аԥсҭазаараҟынтәи еиуеиԥшым ахҭысқәа. Абар уажәшьҭа хәышықәса ҵуеит есыҽны, ԥсшьара ҟамҵакәа, уахи ҽни Sputnik оперативла Аԥсны атәылауаа ажәабжьқәа рзеиҭанаҳәоит. Аха зегьы ирыздыруам акадр анҭыҵ иҟоу аҭагылазаашьа.

Sputnik 5 лет - Sputnik Аҧсны
Sputnik акулисақәа рышьҭахь: хәышықәса рыҩнуҵҟа иреиӷьу аимгеимцарақәа

Sputnik аколлектив иахьатәи амш азы 39-ҩык ыҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акорреспондентцәа, афотоҭыхыҩцәа, авидеооператорцәа, амонтажҟаҵаҩцәа, акорректорцәа, аредакторцәа, абильд-редакторцәа, апродиусерцәа, арадио амҩаԥгаҩцәа, SMM-менеџьерцәа, уҳәа аӡәырҩы.

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны ԥхынҷкәын 8 рзы иазгәанаҭоит раԥхьатәи аиубилеи - хәышықәса ахыҵра. Ари аамҭа иалагӡаны асаит аԥсуа версиа иаҭааит 143 нызқь уааԥсыра инареиҳаны, аурыс версиа - 12 миллионҩык инареиҳаны.

Иааидкыланы аԥсуеи аурыс версиеи рҟны иҭыҵит 56 495 статиа, 6116 видеонҵамҭа, 1746 фотонҵамҭа, 794-нтә аинфографика ахархәарала аинформациа ҟаҵан.

Инфографика - Sputnik Аҧсны
Хәышықәса рыҩнуҵҟа ҳзыхьӡаз: Sputnik Аԥсны арбагақәа

Зегь реиҳа ихадоу ажәабжьқәа Sputnik асоциалтә даҟьақәа рҟны ицәырнагоит. Есышықәса урҭ зыҽрыҵазыҩуа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Онлаин ҳасабла ахҭысқәа ирыцклаԥшуеит 109 444-ҩык ауаа. Асоциалтә ҳа Instagram аҟны мацара - 60 нызқьҩык анапаҵаҩцәа ыҟоуп. 

2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо ахатәы ефир ахь ицәырҵит Аҟәа иҟоу астудиаҟынтәи. Уи ацәқәырԥақәа наӡоит ҳтәылаҿы ауааԥсыра ахьынхо аҭыԥқәа зегь рахь. Sputnik Аԥсны аматериалқәа цитатақәас активла рхы иадырхәоит ҳтәылаҟны иҟоу аинформациатә агентрақәа 15, ателеканалқәа 2, радиостанциак.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0