ЕАА Рсенат Ҭырқәтәыла иаҿагылоу асанкиақәа рзы азакәан апроект аднакылеит. Уи иаарласны Анкареи Вашингтони реизыҟазаашьақәа рыцәгахароуп иаанаго. Ҭырқәтәыла рганахьала ртәылаҿы иҟоу ЕАА арратә база адыркыр рылшоит ҳәа америкаа дыршәоит. Ас аиҿагылара аибарххара кылсыр ахьалшо шәахәаԥш ҳвидео аҟны.
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рнаҩс Аԥсны ирацәаҩхеит аҿкычымазара зыдбало рхыԥхьаӡара. Аԥсны иахьаҵанакуа, иахьазы активла COVID-19 аҟнытә аҽыхәышәтәра иаҿуп 2000-ҩык рҟынӡа, абри атәы лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы, ажьырныҳәа 11 рзы.
Атәыла ахада аԥкрақәа алаигалеит жәабран 10-нӡа, хәҭакала русура аанкылоуп аџьармыкьақәа, акрыфарҭақәа, ақьафурҭақәа.
Ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, ауаажәларратә транспорти атаксии рҿы ахыхьчаратә хархәагақәа ахархәара.
Ашьха Ҟарабах аминаҵхратә процесс шымҩаԥсыц имҩаԥысуеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аминаҿагыларатә жәларбжьаратә центр аҟазауаа Степанакер иахьаҵанакуа аминақәа рыҵхраан рхы иадырхәоит ҳаамҭазтәи аробототехникатә комплексқәа "Уран-6".
2020 шықәса абҵара 23 раахыс урыстәылатәи аҟазауаа идрыцқьахьеит 479,2 гектар адгьылҵакыра, 182,8 километра амҩақәа, 710 нхарҭаҭыԥ, еиҵыхуп 23 000 рҭҟәацга маҭәар.
Ишәарҭоу амаҭәарқәеи иԥымжәаз артҟәацгақәеи аполигон ҷыдахь инаганы иԥыржәоит.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.
Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоуп.
Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.
"Аҿкычымазара иадҳәалаз аинформациатә усура, уи аҽазыҟаҵара, уи агәҽанызаара, аҳәынҭқарратә усбраҭақәа еиҿыркаауаз аусура зегьы аинформациала еиқәыршәатәын. Ачымазара ыҟоуп ҳәа ажурналистцәа аусурахь имнеиуа, рхы хьчара мацара иашьҭамызт. Дара рнапынҵақәа зегьы нарыгӡар акәын, уи иахылҿиаауаз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны. Ашықәс еихшьаало иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны ажурналистцәа аус ахьыруазаалакгьы, аибашьра ашықәсқәа рзы ишыҟаз еиԥш, аидгылара ҟаҵаны, аицхыраара ҟаҵаны, ихадароу ахықәкы- ажәлар ирдырыц ирықәнагоу, аинформациа рызнагараҿы даара аџьабаа рбеит. Акырӡа аусбараҭақәа русура аанкылан, аха зда ԥсыхәа амам ҳәа еиқәырԥхьаӡо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьа игыламзар, рыгәҭаны игылан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.