Аилибакаара, аҳаҭырқәҵара, агәыбылра: аԥсуа ҭаацәара рынасыԥ маӡас иаҵоу рҳәеит

Анапаҵаҩра
Иԥшьоу Валентин имш азы Sputnik Аԥсны ирыдҵаалеит, шәышықәсабжа инеиҳаны зҭаацәаратә насыԥ ҿырԥшыгоу хаҵеи ԥҳәыси реизыҟазаашьа маӡас иаҵоу еилнакаарц.

Рудольф Коӷониеи Мариа Занҭариаԥҳаи рыԥсҭазаарақәа еиларҵеижьҭеи 56 шықәса ҵуеит. Урҭ еибадырит ашкол ианҭаз. Ажәбатәи акласс аҿы итәаз Рудольф Кәтолтәи абжьаратә школ аҟынтәи диасит Тамшьтәи ахь, дагьақәшәеит Мариа дахьтәаз акласс.

Рудольф иаразнак зыхцәы еиқәараз Мариа дигәаԥхеит. Лара излаҳалҳәаз ала, Рудольф даалҟәамҵкәа длеиҽырбон, длывагьежьуан, аха лара, аԥсуа ҭыԥҳа ишлаҭәаз еиԥш, аҵыхәтәанынӡа лцәаныррақәа илырбомызт.

Дара еибагеит Рудольф аррантәи даныхынҳәыз ашьҭахь. Уи аахижьҭеи рҳәоу еиқәшәаны, насыԥ рыманы еицынхоит. Урҭ еиабшьреи ӷарреи зегьы рхыргеит, аха ахаангьы ҽԥныҳәак еибырымҳәеит, ажәак еимарымкит.

Рудольфи Мариеи ргәаанагарала, аҭаацәаратә еизыҟазаашьаҟны зегь реиҳа ихадоу абзиабара мацара акәым, апатуқәҵара, аилибакаара, аиҳабы иаҳаҭырбара, аицхыраара - абарҭқәа зегьы еицызароуп.

Иахьа дара аџьџьаҳәа рхәыҷқәеи рмаҭацәеи рыгәҭылакны аҩн ду аҿы еицынхоит. Хаҵеи ԥҳәыси ргәаанагарала, аилибакаареи аҳаҭырқәҵареи аӡә имацара иакәым, аҭаацәа иалахәу дарбанзаалак инапы иануп.

Ажәабжьқәа зегьы
0