Ашәҭ ҩежь ссир: аҳәса рымшныҳәа иасимволу амимоза шеиқәдыршәо

Анапаҵаҩра
Амимоза – Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иасимвол хаданы ишьоуп. Иара ааԥын алагамҭазы ишышәҭуагьы сынтәа ажьырныҳәа анҵәамҭазы ишәҭит.

Есышықәса, аҳәса рымшныҳәа аламҭалаз Ԥсоу иаԥну аҳәааҿ иуԥылоит амимоза Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииазго ҳтәылауаа. Ареспубликаҿы шамахамзар ари ашәҭ аӡәгьы ҳамҭас ирҭом. Урыстәыла акәзар, уи традициахахьеит. Сынтәа амимоза акыр заа ишәҭит. Аӡынтәи аԥхарра амимоза аҭирала хашәалак ҳауп ҳәа иазыԥшыз акыр ргәы архыҭхыҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0