Акоронавирус аҿагыларазы: Урыстәыла Италиа иацхраауеит

Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы акоронавирус иаҿагыланы ақәаԥараз Урыстәылантәи Италиаҟа амедицинатә цхырааразы идәықәҵоуп жәиԥшь ҳаирплан.

Ачымазара ҿкы акоронавирус аҽацәыхьчаразы ацхырааразы аҳәара ҟаиҵеит Италиа аԥыза- министр Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи ҭелла ианеиҿцәажәоз.

Италиа аиҳабыра акарантин аларгалеит, иадыркит аҵараиурҭақәа, атеатрқәа, амузеиқәа, аспорттә хыбрақәа. Аԥсшьаҩцәа рзы атәыла аркуп. Иааидкыланы атәылаҿы COVID-19 зыдбалоу рхыԥхьаӡара 58 нызқьҩык ыҟоуп.

Урыстәыла ацхыраара Италиа атәылауаа ишрыдаркылаз шәахәаԥш ҳвидеонҵамҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0