Аҿкы аҽацәыхьчара: Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәааразы иҟарҵо

Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирус ҿкы аламырҵәаразы хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7, 2020 шықәсанӡа аԥкрақәа алагалоуп.

Акоронавирус иахҟьаны Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аԥкрақәа ралагаларазы адҵа инапы аҵаиҩит. Ури инақәыршәаны атәылаҿы ачарақәеи акорпоративқәеи ааныркылеит. Иадыркуеит акрыфарҭақәа, амаҭәеи афатәи ахьырҭиуа аџьармыкьақәа. Ауаажәларратә транспортгьы аусура иаҟәыҵуеит. 

Арҭ аԥҟарақәа ауааԥсыра аршәаҟьеит. Ауаа абанкоматқәеи, аџьармыкьақәеи, афатәҭирҭақәеи ирыжәлеит. Агәаранқәа иахьрылагылоу дара рхы акы иацәырыхьчом. Дара-дара еизааигәан игылоуп, асабрадақәа рхарҵом, аԥсшәа еибыҳәо, игәыдеибаҳәҳәалоит. Убри алагьы рхы ашәарҭара иҭадыргылоит. Аха ауаа ус ишәартә аҭагылазаашьа ыҟам. Аԥсны абанкқәа русура ааныркылом, ауаа ԥарада инрыжьуам.

Русура ааныркылом афатәҭирҭақәагьы. Иифаша имамкәа аӡәгьы даанхом.

Зегьы ирыцку - ауаа рацәа ахьеизо имнеилароуп, ахрыцқьара шаҭаху рхвдмыршҭлароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0