Аԥсҭазааразы ахәшә: Нарҭ Гамгьиа ацхыраара иҭахуп

Анапаҵаҩра
Нарҭ Гамгьиа аҳақьымцәа акьыба чымазара бааԥс – алеикемиа имоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәеит. Хышықәса зхыҵуа ахәыҷы шықәсык инацуп аԥсҭазаара дазықәԥоижьҭеи.

Кындыӷ инхо Нарҭ иандуи иабдуи афонд "Ашана" ахь ааигәа ацхыраара иаҳәеит. Рмоҭа иҭагылазаашьа атәы еиҭарҳәеит. Иахьазы иара ихәышәтәразы акыр зыхә цәгьоу ахәшә иҭахуп. Ахәшә амҩангараан иахәҭоу аҳауатә ҭагылазаашьа азаԥҵатәуп, архьшәашәага маҷ иҭазароуп. Иааидкыланы миллионбжак аҟынӡа инеиуеит иаҭаху аԥара.

Афонд "Ашана" Нарҭ Гамгьиа изы аԥареизгара хацнаркит

Ажәабжьқәа зегьы
0