Зашьа ицымхәрас афронт ахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых

Анапаҵаҩра
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Sputnik апроект "Афронт ахьӡынҵа" азы еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иалахәыз лаб Шаликәа Муса-иԥа Џьыкырба иҭоурых/

Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лаб Шаликәа диит Мгәыӡырхәа ақыҭан 1910 шықәсазы. Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, Аџьынџьтәылатәи еибашьра ианалага афронтахь ааԥхьара зауз лаб иашьеиҳабы Камшьышь иакәын, аха уи иқәрахь днеихьан азы, аҭаацәара зегьы иреиҵбыз Шаликәа арзаҳал ҩны еибашьра дцеит. 1941 шықәсазы, 662-тәи архәҭа даланы Шаликәа Џьыкырба дақәшәоит Керчь имҩаԥысуаз ажәыларақәа. 1942 шықәса ажьырныҳәамзазы имҩаԥысуаз ажәылараҿы ахәра ӷәӷәа иоуит, уи аамҭазы ақыҭахь иааит иԥсӡы, уи иан Хьфаф Барцыцԥҳа дахыԥсаауеит. Акыр шықәса рышьҭахь, Шаликәа икыҭахь даныхынҳә еиҭеиҳәон, ихәра ӷәӷәа ашьҭахь акыр аамҭа ихдырра ицәыӡны аԥсцәа ахьышьҭаз дышьҭан ҳәа.

1941-45 ашықәсқәа рзы Аԥсны Аџьар ҟаԥшь иахагылаз, "Кьараз" иалаз Малица Џьыкырԥҳа илыбзоураны Аԥсныҟа дхынҳәоит Шаликәа. Аибашьра дцаанӡа Шаликәа Џьыкырба аус иуан Гәдоуҭатәи акыҭанхамҩа аҟәшаҿы, аҭынч ԥсҭазаара даназыханҳә, аҭаацәара анаԥиҵа ашьҭахь аус иуан Хәаԥ, Мгәыӡырхәа, Калдахәара ақыҭақәа рыҟны. Шаликәа Џьыкырба иааӡеит ԥшьҩык ахшаара.

Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы Шаликәа Џьыкырба ианашьан амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра аламҭалазы Sputnik мҩаԥнагоит апроект "Афронт ахьӡынҵа". араҟа еицырдыруа аполитика- уаажәларратәи, акультуреи  аусзуҩцәа еиҭарҳәоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иалахәыз рҭынхацәа рҭоурыхқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0