Акинохроникаҿеиԥш: Аиааира Апарад аҟны аҭоурыхтә архәҭақәа

Анапаҵаҩра
Москва Аиааира Апарад иалахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҟаз аформа аҩыза зшәыз архәҭақәа жәеиза.

75 шықәса раԥхьеиԥш, иахьагьы раԥхьа ицәырыргеит Карелиатәи афронт абираҟ, аҵыхәтәан - 4-тәи Украинатәи архәҭа абираҟ. Анаҩс - Москватәи Иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командатә ҵараиурҭа абираҟтә гәыԥ. Абираҟныҟәгаҩцәа шьаҿеиқәшәала ирышьҭанеиуеит 120 шьаҿа минуҭк ала иҟазҵо аршьаҟауаа, аԥрыҩцәа, амшынуаа, анџьнырцәа, аԥшыхәцәа, аҳәаахьчаҩцәа, жәлар рырратә гәыԥқәа, аказакцәа.

Абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла: Аиааира Ду апарад аҳаиртә хәҭа - Sputnik Аҧсны
Абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла: Аиааира Ду апарад аҳаиртә хәҭа

Аҭоурыхтә парадтә форма акомплектцыԥхьаӡа 1945 шықәсазы имҩаԥысуаз Аиааира Апарад аҟны иршәыз еиԥшҵәҟьаны иӡахуп. Абеи аҩычагақәеи 1940-тәи ашықәсқәа раан иршәырҵоз иреиԥшуп. Аофицерцәа ркительқәа хьтәы рахәыцла иҭырҷҷаны ишхырҷазгьы усҟантәи аамҭақәа раан ишыҟарҵоз еиԥшын.

Аамҭа кьаҿ иалагӡаны ари аформа аӡахразы аҿаҵа нанагӡеит Володарски ихьӡ зху питертәи аӡахырҭатә фабрика. Урҭ ирӡахыз амаҭәа рашәара 24, 1945 шықәсазтәи акинохроникаҿы иану аруаа излареиԥшым ҳәа акгьы ыҟам.

Аиааира Апарад 75 шықәса раԥхьа иалахәын ҳәаанырцә ҳәынҭқарра заҵәык. Уи Польшатәи Ар ахаҭарнакцәа ракәын, дара амавзолеи иавсны шьаҿеиқәшәала имҩасит 1-тәи Белоруссиатәи афронт аилахәыратә архзәҭа иаланы. Иахьа Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩасит 13 тәыла рырхәҭақәа: Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Узбекисҭан, Индиа, Ҟазахсҭана, Киргизиа, Китаи, Молдова, Монголии, Сербиа, Таџьикисҭан, Туркменисҭан — гәыԥцыԥхьаӡа 70-ҩык аруаа алахәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0