Фазиль Искандер иҩымҭа "Чик ихәыҷра" иалхны афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан 2019 шықәсазы Аԥсны. Асахьа ахәҭақәа реиҳарак ҭыхын аԥшаҳәаҿы, "Брехаловка", Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа, ашкол аҿы. Афильм арежиссиор - Аслан Галазов, асценари иҩит иара ихаҭа, уи шьаҭас иаиуит Фазиль Искандер иҩымҭа "Чик ихәыҷра" иаҵанакуа ажәабжьқәа ԥшьба.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рнаҩс Аԥсны ирацәаҩхеит аҿкычымазара зыдбало рхыԥхьаӡара. Аԥсны иахьаҵанакуа, иахьазы активла COVID-19 аҟнытә аҽыхәышәтәра иаҿуп 2000-ҩык рҟынӡа, абри атәы лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы, ажьырныҳәа 11 рзы.
Атәыла ахада аԥкрақәа алаигалеит жәабран 10-нӡа, хәҭакала русура аанкылоуп аџьармыкьақәа, акрыфарҭақәа, ақьафурҭақәа.
Ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, ауаажәларратә транспорти атаксии рҿы ахыхьчаратә хархәагақәа ахархәара.
Ашьха Ҟарабах аминаҵхратә процесс шымҩаԥсыц имҩаԥысуеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аминаҿагыларатә жәларбжьаратә центр аҟазауаа Степанакер иахьаҵанакуа аминақәа рыҵхраан рхы иадырхәоит ҳаамҭазтәи аробототехникатә комплексқәа "Уран-6".
2020 шықәса абҵара 23 раахыс урыстәылатәи аҟазауаа идрыцқьахьеит 479,2 гектар адгьылҵакыра, 182,8 километра амҩақәа, 710 нхарҭаҭыԥ, еиҵыхуп 23 000 рҭҟәацга маҭәар.
Ишәарҭоу амаҭәарқәеи иԥымжәаз артҟәацгақәеи аполигон ҷыдахь инаганы иԥыржәоит.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.
Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоуп.
Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Ажьырныҳәа 25-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны акарантин рылаҳәоуп, иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит аректорат, абри атәы Sputnik иазааицҳаит апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгьиа.
Инџьгьиа иажәақәа рыла, ашықәс алагамҭазы COVID-19 рзышьақәырӷәӷәан аӡәык-ҩыџьак арҵаҩцәа. Астудентцәа рҟынтә аҿкычымазара ӡәыр рцәа иалу иаламу аилкаара иаҿуп.
2020 шықәсазы атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет анапхгара аҵараиурҭа аҭалара аԥҟарақәа рыԥсахит. ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа иажәақәа рыла, ауниверситет ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит. Аԥышәаратә сессиа ашьҭахь еилкаахоит хәыда-ԥсада аҵара зҵои, аҵара ахә зшәалои.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа.